00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
13 мин
Такие обстоятельства
Когда в Абхазии откроется инклюзивный семейный лагерь?
14:46
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Ихадоу атемақәа

Ихадоу атемақәа
Анапаҵаҩра
Аӡаҵалара амзызқәа аԥыхлахоит Гәылрыԥшь араион аҿы. Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нури Ҭарба иажәақәа рыла, уи акырӡа хра аманы иҟоуп ақәаршҩы ӷәӷәақәа анаҩстәи рыхҟьаԥҟьақәа рҿагылара аасҭа. Ақыҭақәа рҿы аӡыршьҭрақәеи ақәаршҩцарҭақәеи дрыцқьоит. Аҭыԥантәи анапхгара рхатәымчала Абгыӡра аӡиас аӡыршьҭра дрыцқьоит, анаҩс – Парнаут аӡиас. Кәыдры аӡиас аҿы ауадаҩрақәа ыҟоуп, аха уи аҿы араион ахадара ацхыраара рҭаххоит ҳәа азгәеиҭеит Ҭарба.
Аӷба "Комета" сынтәа Шәачантәи Аҟәаҟа иаауеит лаҵара жәохә рзы. 2025 шықәсазы аасҭа хымз ԥхьаҟа ихацаркуп аныҟәара ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит "Аԥснытәи амшынтә ӷбаныҟәара" акоммерциатә усмҩаԥгатәқәа рзы адиректор хада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Габуниа. Аныҟәарақәа мҩаԥысуеит ҩашалеи хәашалеи жьҭаарамзанӡа. Аҵыхәтәантәи ареис арыцхә макьана иалкааӡам, уи амш аҭагылазаашьа иабзоурахоит.
Урыстәылатәи агимнасткацәа қәыԥшцәа сынтәа Европа Ахраҿа агаразы аиндаҭлара изалахәхаӡом. Уи зыхҟьо ацәеижьаахақәа, аспорттә лҵшәақәа, ма алахәхара мап ацәкра ракәӡам, абиурократиатә ԥынгылақәа роуп. Урыстәыла Агимнастиказы афедерациа ашәҟәбӷьыцқәа ианаамҭаз инанашьҭит, аха анеитралтә статус аиқәыршәаразы апроцедурақәа акыр идырххеит, анаҩс аспортсменкацәа ашәҟәы рҭагалара мап ацәыркит. Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы уаанӡа Урыстәылеи Беларуссиеи рхаҭарнакцәа қәыԥшцәа аиндаҭларақәа рахь рнеиразы аԥкрақәа уаҳа иҟамлароуп ҳәа шырҳәахьазгьы, World Gymnastics еиԥш иҟоу жәларбжьаратәи афедерациақәа арҭ аҭахрақәа нарыгӡаӡом.
Ашахмат азы иаарту жәларбжьаратәи аицлабра "Ҷанба имемориал 2026" мҩаԥысит Аҟәа. Уи еизнагеит Аԥсны араионқәа зегьеи Урыстәыла аладатәи арегионқәеи рҟынтәи 52-ҩык ашахмат асҩцәа ҳәа аанацҳауеит Аҳәынҭспортеилакы. Аицлабра хада аҿы аиааира игеит Аҟәа инхо Артиом Табариан, аҳҭнықалақь аҿы инхо даҽаӡәгьы — Роберт Кеиан амилаҭтә еихшьаала иреиӷьу ҳәа далкаахеит. Аветеранцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит Константин Ҭыжәба. Жәаф шықәса зхыҵуа аҷкәынцәа рыбжьара иреиӷьу алҵшәа ааирыԥшит Нестор Багаҭелиа, аҭыԥҳацәа рыбжьара Софиа Ельшаер. Аҳәса рыбжьара актәи аҭыԥ аанылкылеит Сарида Лакәатааԥҳа
Ажәабжьқәа зегьы
0