2026 шықәсазы иахәаԥшхоит аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа" алахәхаразы уаанӡатәи азыҳәақәагьы
17:33 27.04.2026 (ирҿыцуп: 18:26 27.04.2026)

© Sputnik / Кирилл Каллиников
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 27 — Sputnik. 2026 шықәсазы иахәаԥшхоит аҳәынҭпрограмма "Анхарҭа" алахәхаразы уаанӡа азыҳәақәа алазҵахьазгьы ртәы.
Асоцеиқәыршәара аминистрра азинтә ҟәша аиҳабы Ромео Черқьезиа арадио Sputnik иаиҭаз аинтервиу аҿы ишазгәеиҭаз ала, азыҳәамҭақәа зегьы рыдгыларазы аԥаратә хархәагақәа рызхом.
Аусбарҭахь 350 рҟынӡа азыҳәақәа нарышьҭит, аҳәынҭпрограмма абиуџьет 60-65 зыҳәа шракәугьы иалшо.

Черқьезиа иазгәеиҭеит, апрограмма алахәхаразы аԥҟарақәа еиҭакрада ишыҟоу. Аԥхьагылара рыҭоуп Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра I агәыԥ аинвалидцәа, ихәыҷы аахыс аинвалидцәа, мамзаргьы аинвалид дызмоу аҭаацәа, иара убас хә-ҩык, ма инареиҳаны ахәыҷқәа зааӡо аҭаацәа, аиаҭымцәа.
Арзаҳалқәа нарышьҭыр рылшоит аԥсадгьыл ахьчаҩцәа рҭаацәеи, ақырҭуа-аԥсуа еибашьраан иҭахаз х-ҩык, ма инареиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәагьы.
Азыҳәаҩцәа рзы иреиҳау ашәара 1,2 млн мааҭ рҟынтәи 1,7 млн мааҭ рҟынӡа ишьҭыхуп.