Аԥсны атәылауаа Урыстәылазегьтәи анапхгаратә еицлабра алахәхаразы арзаҳалқәа аларҵеит
19:47 27.04.2026 (ирҿыцуп: 23:29 27.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 27 — Sputnik. Аԥсны атәылауаа раԥхьаӡа акәны Урыстәылазегьтәи анапхгаратә еицлабра алахәхаразы арзаҳалқәа аларҵеит.
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко излаизгәеиҭаз ала, аицлабрахь инашьҭуп 80 нызқь азыҳәамҭақәа, ари рекордуп.
Урыстәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернышенко излаизгәеиҭаз ала, аицлабрахь инашьҭуп 80 нызқь азыҳәамҭақәа, ари рекордуп.
"Сынтәа зегь реиҳа ирацәоуп (арзаҳалқәа – аред.) иҳауз Москва, Нижни Новгород, Кемерово, Белгородтәи аобластқәеи Ҭаҭарсҭани рҟынтәи. Раԥхьаӡа акәны азыҳәамҭақәа ҳадыргалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа", - ҳәа иҳәеит Чернышенко, иаппарат аҟнытә иажәақәа аагоуп.
Аицлабра алахәылацәа бжьаратәла рықәрақәа 30 шықәса иреиҳам, уи ахыԥхьаӡара аҟнытә ахԥатәи 18 шықәса зхымҵыц роуп.
Ахыркәшаратә хәҭа мҩаԥысуеит абҵарамзазы, уаҟа 800-ҩык афиналистцәа алахәхоит.
Аицлабра мҩаԥысуеит 2024 шықәса раахыс апатриоттә ааӡара амеханизмқәа реиӷьтәреи асоциалтә ҵакы змоу апроектқәа рынагӡараҿы анапхгаҩцәа радԥхьалареи рзы.