Афонд "Ашана" агәыҳалалратә аукцион "Аномер ԥшӡақәа" мҩаԥнагоит
20:39 27.04.2026 (ирҿыцуп: 23:27 27.04.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Еизырго аԥарақәа зегьы афонд хылаԥшра знаҭо Емилиа Акопиани Аслана Џьынџьалԥҳаи рыхәшәтәрахь идәықәҵахоит.
АҞӘА, мшаԥы 27 — Sputnik. Афонд "Ашана" агәыҳалалратә аукцион "Аномер ԥшӡақәа" мҩаԥнагоит.
Актәи ахәҭа алагоит мшаԥы 29 асааҭ 11:00 инаркны мшаԥы 30 асааҭ 12:00 рҟынӡа.
"Х___АМ" асериаҿы "иԥшӡоу" амашьына аномерқәа риура алшоит онлаинла.
Афонд анаԥхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа лажәақәа рыла, раԥхьаӡа акәны аукцион мҩаԥган 2014 шықәсазы.
"Зегьы раасҭа иҳараку аномер ахә ҳәа исыгәалашәо — 320 000 мааҭ роуп", — ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит лара.
Џьынџьалԥҳа илҳәеит, еизгахо аԥарақәа зегьы афонд хылаԥшра знаҭо Емилиа Акопиани Аслана Џьынџьалԥҳаи рыхәшәтәрахь ишдәықәҵахо.
Инарҭбааны адырра аиура шәылшоит аҭел WhatsApp ала +7 940 772-04-66.