Цандрыԥшь аангыларҭаҿы амҩа ҿыц аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп
17:38 28.04.2026 (ирҿыцуп: 18:59 28.04.2026)

© Sputnik / Николай Хижняк
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 28 — Sputnik. Цандрыԥшь аангыларҭаҿы амҩа ҿыц аиҭашьақәыргыларатә усурақәа хыркәшоуп.
Амчхарақәа реизырҳаразы аӡбамҭа рыдыркылеит аргыларатә хырхарҭа аҭахрақәеи аидарамҩангара амҽхаки иахьрыцлаз азы ҳәа аанацҳауеит "Аԥсны аихамҩақәа".
Мчыбжьқәак рыла аихамҩаусзуҩцәа иҷыдоу аҵәахырҭахь уназго 100 метрак амҩа ҿыц шьҭарҵеит. Уаанӡа уи аура 125 метра ыҟан.
"Астанциаҿы имҩаԥырго аиҭшьақәыргыларатә усурақәа ареспубликаҿы аҩнуҵҟатәи аихамҩатә мҩангарақәа рыҿиаразы алашарақәа аадыртуеит: Драндеи Гәдоуҭеи рҟынтәи Цандрыԥшьҟа иааиԥмырҟьаӡакәа аинертәи иҿыпуеи амаҭәахәқәеи рнагара аиҿкаара азгәанаҭоит аилак", — аҳәоит анҵамҭаҿы.