Аԥснытәи ашколхәыҷқәа рхы аладырхәыр рылшоит апрофориентациатә сессиа "Аԥхьаҟатәи арҵаҩы"
11:34 01.05.2026 (ирҿыцуп: 12:14 01.05.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 1 — Sputnik. Аԥснытәи ашколхәыҷқәа аԥхьаҟа арҵаҩы изанааҭ алзхыр зҭаху апрофориентациатә сессиа "Аԥхьаҟатәи арҵаҩы" рхы аладырхәыр рылшоит. Абри атәы Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳа илзеиҭеиҳәеит Армавиртәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет аректор Евгени Нижник.
Апрограмма мҩаԥысуеит 2026 шықәса абҵарамзеи ԥхынҷкәынмзеи рзы Урыстәылазегьтәи ахәыҷтәы центр "Смена" ашьаҭа ала. Уи алахәхаразы ареспублика аҟынтәи 15-ҩык рҟынӡа аҵаҩцәа ааԥхьара рыҭоуп.
Аиԥылараҿы аганқәа азааҭгылеит акадрқәа разыҟаҵара, арҵаҩцәа рзанааҭтә ҩаӡара аизырҳара, ареспублика аҵараиурҭақәа атехникатә цхыраара рыҭара уҳәа рзы аусеицура ахырхарҭа хадақәа ртәы ҳәа аанацҳауеит Аҵара аминистрра апресс-маҵзура.
Гәынба ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит Гал араион аҿы иҟоу Иаарту аҵарадырра Ацентр аусура, аԥсуа бызшәа апрограммақәа рырӷәӷәара, аҵарадырра амилаҭтә-культуратә компонент аиқәырхара шхадоу инаҵшьны иазгәеиҭеит.
Аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Армавиртәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә университет ареспублика ианаҭеит Владимир Мединскии Анатоли Торкунови рредакциала еиқәыршәоу 10-11-тәи аклассқәа рзы Урыстәыла аҭоурых арҵага шәҟә ҿыцқәа. Хара имгакәа 8-9-тәи аклассқәа рзы ашәҟәқәа раагра иазԥшуп.