Алаҳаӡы имҩаԥысит аерман шәаҳәаратә фестиваль "Паратон – Ажәларқәа реиҩызара"
19:24 01.05.2026 (ирҿыцуп: 21:55 01.05.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 1 — Sputnik. Алаҳаӡы ақыҭан имҩаԥысит 28-тәи аерман шәаҳәаратә фестиваль "Паратон – Ажәларқәа реиҩызара".
Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны иқәынхо ажәларқәа ркультуреи рҵасқәеи аазырԥшуаз арҿиаратә коллективқәа рашәаҳәарақәеи рыкәашарақәеи рыла иқәгылеит.
Аԥсны Аерманцәа реилазаара ахантәаҩы Алик Миносиан иазгәеиҭеит, ахаԥшьгаратә коллективқәа рыхәаԥшра аҳасабала иазԥхьагәаҭаз афестиваль иахьа аҿиара амҩа ишану, абиԥарақәа шеиднакыло, абаҩхатәра злоу ахьӡ ҿыцқәа шцәырнаго.
"Ҳакзаара амч ауп ԥхьаҟа ҳазго, ҳаивагылан ҳтәыла аԥеиԥш ҳаргылоит. Иахьа еиуеиԥшым ажәларақәа ркультурақәа Иахьа апрограмма еиднакылеит еиуеиԥшым ажәларқәа ркультурақәа. Абри ибеиоу акультуратә еиуеиԥшымзаара, ҳтрадициақәа, аӡәи-аӡәи аҳаҭыреиқәҵара, абри ауп иаҳзеиԥшу Аԥсны амчра", — ҳәа иҳәеит иара.