Урыстәылатәи аҳаирхыхьчаратә мчқәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 334 ҭадырхеит
10:05 03.05.2026 (ирҿыцуп: 12:34 03.05.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 3 — Sputnik. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 334 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
Адронқәа ҭадырхеит Белгородтәи, Бриансктәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Орловтәи, Ленинградтәи, Новгородтәи, Смоленсктәи, Ростовтәи, Риазантәи, Псковтәи, Твертәи, Тулатәи аобластқәеи, Москватәи арегионқәеи Ҟрыми.