https://sputnik-abkhazia.info/20260504/1062741043.html
Аԥсназы амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы ацифратә платформа аус адулоуп
Аԥсназы амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы ацифратә платформа аус адулоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 4 — Sputnik. Амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы Аԥсназы ацифратә платформа аус адулоуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз, ареспубликаҿы... 04.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-04T10:01+0300
2026-05-04T10:01+0300
2026-05-04T10:17+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101482/30/1014823077_0:126:3192:1922_1920x0_80_0_0_d8b694f8196cb6274005166ebadee5cb.jpg
АҞӘА, лаҵара 4 — Sputnik. Амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы Аԥсназы ацифратә платформа аус адулоуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз, ареспубликаҿы Аинтернет аҿиара аинститут еснагьтәи ахаҭарнак Алеқсандр Ӡиӡариа. Иара иажәақәа рыла, ацифратә платформа зыԥсы ҭоу аҳақьым иеиԥшуп, уи инагӡаны ацхыраара уаҳәар улшоит. Асистема иалнаршоит ауаҩы илаҽу ачымазарақәа ргәаҭара, иалшоит ачымазаҩ игәалаҟазаара, ишьақәыӷәӷәара, ишоура, ишьақар аҩаӡара аарԥшра.Урыстәылатәи асерверқәа рышьаҭала аус зуа аплатформа атестқәа ирхысхьеит, қәҿиарала ахы аанарԥшхьеит. Ацҵа ҭагалоуп, Агәабзиарахьчара аминистрра иҟанаҵахьоу ҳаамҭазтәи аклиникатә бжьгарақәа зегьы ҳәа азгәеиҭеит иара.Иара убас, аплатформа аҽаџьара ииагатәу ачымазҩы ицхраауеит, изыҳәала урыстәылатәи апрофильтә центрқәа рахь днанашьҭыр алшоит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/101482/30/1014823077_231:0:2962:2048_1920x0_80_0_0_a46845f928c912d09c1939dc888d5e8d.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсназы амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы ацифратә платформа аус адулоуп
10:01 04.05.2026 (ирҿыцуп: 10:17 04.05.2026) АҞӘА, лаҵара 4 — Sputnik. Амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы Аԥсназы ацифратә платформа аус адулоуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз, ареспубликаҿы Аинтернет аҿиара аинститут еснагьтәи ахаҭарнак Алеқсандр Ӡиӡариа.
Иара иажәақәа рыла, ацифратә платформа зыԥсы ҭоу аҳақьым иеиԥшуп, уи инагӡаны ацхыраара уаҳәар улшоит. Асистема иалнаршоит ауаҩы илаҽу ачымазарақәа ргәаҭара, иалшоит ачымазаҩ игәалаҟазаара, ишьақәыӷәӷәара, ишоура, ишьақар аҩаӡара аарԥшра.
"Асистемеи шәареи баша шәеинырӡом, уи шәызусҭоу адыруеит, избанзар ҳара ари асистема хаҭалатәны аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит. Даҽакала иаҳҳәозар, шәара ишәызку адыррақәа уахь иҭажәгалалоит, иара иадырлоит шаҟа шықәса шәхыҵуа, иарбан чымазарақәоу ишәымоу, ишәхәышәтәуаз ачымазарақәа, иарбан операциақәоу ишәхыжәгахьоу. Еилнакаауеит аҭак знаҭо дызусҭоу, иарбан хәшәқәоу ишәнымаало, иҟало иҟамло", — иҳәеит Ӡиӡариа.
Урыстәылатәи асерверқәа рышьаҭала аус зуа аплатформа атестқәа ирхысхьеит, қәҿиарала ахы аанарԥшхьеит. Ацҵа ҭагалоуп, Агәабзиарахьчара аминистрра иҟанаҵахьоу ҳаамҭазтәи аклиникатә бжьгарақәа зегьы ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иара убас, аплатформа аҽаџьара ииагатәу ачымазҩы ицхраауеит, изыҳәала урыстәылатәи апрофильтә центрқәа рахь днанашьҭыр алшоит.