https://sputnik-abkhazia.info/20260504/1062744959.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҽазнашәоит ашықәс зегьы аԥсшьаразы курорттә ҭыҧны аҟаларазы, абри атәы иҳәеит Бадра Гәынба, Кавказтәи аинвестициатә форум аҟны урыстәылатәи ателеканал... 04.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-04T13:30+0300
2026-05-04T13:30+0300
2026-05-04T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/04/1062744793_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_1114acbef143b7029f985296f9cec1fb.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсны аҽазнашәоит ашықәс зегьы аԥсшьаразы курорттә ҭыҧны аҟаларазы, абри атәы иҳәеит Бадра Гәынба, Кавказтәи аинвестициатә форум аҟны урыстәылатәи ателеканал "Звезда" аинтервиу аҭо. Атәыла ахада иазгәеиҭеит атуристцәа аԥхынтәи аамҭазы адагьы аӡынгьы аҧсшьаҩцәа рыдкылара хымҧадоуп ҳәа. Иара убас, иара еиҭеиҳәеит КАФ аҟны ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ртәы.
Амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы Аԥсназы ацифратә платформа аус адулоуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз, ареспубликаҿы Аинтернет аҿиара аинститут еснагьтәи ахаҭарнак Александр Ӡиӡариа. Иара иажәақәа рыла, ацифратә платформа зыԥсы ҭоу аҳақьым иеиԥшуп, уи инагӡаны ацхыраара уаҳәар улшоит. Асистема иалнаршоит ауаҩы илаҽу ачымазарақәа ргәаҭара, иалшоит ачымазаҩ игәалаҟазаара, ишьақәыӷәӷәара, ишоура, ишьақар аҩаӡара аарԥшра. "Асистемеи шәареи баша шәеинырӡом, уи шәазусҭоу адыруеит, избанзар ҳара ари асистема хаҭалатәны аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит. Даҽакала иаҳҳәозар, шәара ишәызку адыррақәа уахь иҭажәгалалоит, иара иадырлоит шаҟа шықәса шәхыҵуа, иарбан чымазарақәоу ишәымоу, ишәхәышәтәуаз ачымазарақәа, иарбан операциақәоу ишәхыжәгахьоу. Еилнакаауеит аҭак знаҭо дызусҭоу, иарбан хәшәқәоу ишәнымаало, иҟало иҟамло", — иҳәеит иара
Оҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмузыкатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә оркестри,Горловкантәи архиереитә хор "Ростоки" Луганскнтәи амузыкантцәеи рконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы. Арҿиаратә коллективқәа реицықәгылара амузыка ҿыц афестиваль "Ааԥын" хнаркәшеит. Артистцәа аԥсуа, аурыс жәлар рашәақәа нарыгӡеит, икәашеит.
Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала, асааҭ 20:00 инаркны 07:00 рҟынӡа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 117 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Белгородтәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Улиановсктәи аобластқәеи Москватәи арегионқәеи рҿы.
Аԥсны аҽазнашәоит ашықәс зегьы аԥсшьаразы курорттә ҭыҧны аҟаларазы, абри атәы иҳәеит Бадра Гәынба, Кавказтәи аинвестициатә форум аҟны урыстәылатәи ателеканал "Звезда" аинтервиу аҭо. Атәыла ахада иазгәеиҭеит атуристцәа аԥхынтәи аамҭазы адагьы аӡынгьы аҧсшьаҩцәа рыдкылара хымҧадоуп ҳәа. Иара убас, иара еиҭеиҳәеит КАФ аҟны ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭрақәа ртәы. Амедицинатә цхыраара аҟаҵаразы Аԥсназы ацифратә платформа аус адулоуп ҳәа иҳәеит арадио Sputnik аинтервиу азҭаз, ареспубликаҿы Аинтернет аҿиара аинститут еснагьтәи ахаҭарнак Александр Ӡиӡариа. Иара иажәақәа рыла, ацифратә платформа зыԥсы ҭоу аҳақьым иеиԥшуп, уи инагӡаны ацхыраара уаҳәар улшоит. Асистема иалнаршоит ауаҩы илаҽу ачымазарақәа ргәаҭара, иалшоит ачымазаҩ игәалаҟазаара, ишьақәыӷәӷәара, ишоура, ишьақар аҩаӡара аарԥшра. "Асистемеи шәареи баша шәеинырӡом, уи шәазусҭоу адыруеит, избанзар ҳара ари асистема хаҭалатәны аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит. Даҽакала иаҳҳәозар, шәара ишәызку адыррақәа уахь иҭажәгалалоит, иара иадырлоит шаҟа шықәса шәхыҵуа, иарбан чымазарақәоу ишәымоу, ишәхәышәтәуаз ачымазарақәа, иарбан операциақәоу ишәхыжәгахьоу. Еилнакаауеит аҭак знаҭо дызусҭоу, иарбан хәшәқәоу ишәнымаало, иҟало иҟамло", — иҳәеит иараОҭар Хәынҵариа ихьӡ зху жәлар рмузыкатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә оркестри,Горловкантәи архиереитә хор "Ростоки" Луганскнтәи амузыкантцәеи рконцерт мҩаԥысит Аԥснытәи аҳәынҭфилармониаҿы. Арҿиаратә коллективқәа реицықәгылара амузыка ҿыц афестиваль "Ааԥын" хнаркәшеит. Артистцәа аԥсуа, аурыс жәлар рашәақәа нарыгӡеит, икәашеит. Урыстәылатәи арегионқәа рҿы аҳаирхыхьчаратә мчқәа уахыкала, асааҭ 20:00 инаркны 07:00 рҟынӡа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 117 ҭадырхеит ҳәа аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра. Адронқәа ҭархан Астрахантәи, Белгородтәи, Волгоградтәи, Воронежтәи, Калугатәи, Курсктәи, Липецктәи, Орловтәи, Ростовтәи, Риазантәи, Саратовтәи, Смоленсктәи, Улиановсктәи аобластқәеи Москватәи арегионқәеи рҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/04/1062744793_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_32957f900c452f98617aa136f18c7198.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио