240 рҟынӡа аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Пицундатәи афестиваль "Вдох" аҳәаақәа ирҭагӡаны
16:49 05.05.2026 (ирҿыцуп: 18:32 05.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 5 — Sputnik. 240 рҟынӡа аусмҩаԥгатә мҩаԥысит Пицундатәи афестиваль "Вдох" аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Иара ԥшьымш имҩаԥысуан, уи рхы аладырхәит 8-тәылак рҟынтәи 1500-ҩык. Дара ирҭааит алекциақәа, аҟазаратә-классқәа, ацәыргақәҵақәа, аконцертқәа.
Афестиваль ахыркәшаратә мшы азы имҩаԥысит 40-усмҩаԥгатә, Строганов ихьӡ зху Москватәи асахьаркыра-ааглыхратә академиа астудентцәа русумҭақәа раукционгьы уахь иналаҵаны. Аукцион аҿы ирымҭиз асахьақәа акурорт "Пицунда" ҳамҭас иарҭеит.
Афестиваль хыркәшахеит 30 шықәса инареиҳаны аус зымуаз Пицундатәи алашарбага аркрала.
"Ҳара ҳзы акраҵанакуеит агәацԥыҳәара рыҭара адагьы, аҿиаразы амаругақәа рыҭарагьы. "Вдох" алахәылацәа 240 инареиҳаны аусмҩаԥгатәқәа ирҭааит: шьоукы адырра ҿыцқәа роуит, шьоукы ргәаанагарқәа рыцеиҩызшоз рыԥшааит, аҽа шьоукы рхатәы еилазаара аҽа блак ала ирыхәаԥшит. Ԥшьымш ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахаҿсахьа шьақәҳаргылон, аидеиақәа иҟаҵәҟьоу проектқәаны иахьыҟало аҭыԥ аԥаҳҵон", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит урыстәылазегьтәи аиҿкаара "Агәеизырҳаҩцәа" анапхгаҩы Михаил Палеи.