Беслан Ҵәыџьба Аԥсны Атәылахьчара аминистрс дҟаҵоуп
19:16 05.05.2026 (ирҿыцуп: 21:42 05.05.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 5 — Sputnik. Беслан Ҵәыџьба Аԥсны Атәылахьчара аминистрс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба иҟаиҵаз анаҩстәи аусԥҟала Владимир Ануа имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭуп.
Беслан Ҵәыџьба диит хәажәкыра 30 1970 шықәсазы, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ианашьоуп Леон иорден.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрраҿы аус иуеит 1993 шықәса раахыс, 2010 шықәса инаркны атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟоуп.
Арратә чын: Аинрал-полковник.