Маиа Цыбулевскаиа Апсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп
19:13 05.05.2026 (ирҿыцуп: 21:35 05.05.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 5 — Sputnik. Маиа Цыбулевскаиа Апсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩс дҟаҵоуп. Абри азы аусԥҟа инапы аҵеиҩит атәыла ахада Бадра Гәынба.
Цыбулевскаиа диит ԥхынгәы 16 1985 шықәсазы.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет далгеит абиологиеи агеографиеи рфакультет "абиологиа" азанааҭ ала.
2009 шықәс инаркны ААУ аҿы аҵара длырҵоит, иара убас ашколқәа рҿгьы рҵаҩыс аус луан. 2018 - 2021 шықәсақәа рзы Аҵара аминистрраҿы абиологиеи ахимиеи рзы аспециалист хадас аус луан. 2025 ашықәса инаркны абжьаратәи азанааҭтәи аҵарадырра аҟәша аиҳабыс.