Аиааира Ду 81 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аҟәа имҩаԥысуа апарад аҽазыҟаҵара мҩаԥысит Аҟәа
10:38 07.05.2026 (ирҿыцуп: 11:10 07.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 7 — Sputnik. Аиааира Ду 81 шықәса ахыҵра аҳаҭыраз Аҟәа имҩаԥысуа апарад аҽазыҟаҵара мҩаԥысит Аҟәа Ахақәиҭра ашҭаҿы.
Апарад идикылон атәылахьчара аминистр Беслан Ҵәыџьба. Аҽазыҟаҵарақәа ирылахәын ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешбеи.
Сынтәа апарад иалахәхоит 700-ҩык инареиҳаны Аԥсны Арбџьармчқәеи, Аҳәынҭқаррахьчаратә маҵзуреи, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи, Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрреи, Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилаки, Урыстәыла абыжьбатәи арратә базеи, Урыстәыла аҳәаахьчаратә усбарҭеи рыррамаҵзурауааи. Ахархәара рыҭахоит — авиациеи арратә техникеи.