Акциа "Агәалашәара амца" мҩаԥысит Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны
12:00 07.05.2026 (ирҿыцуп: 12:32 07.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхаицук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 7 — Sputnik. Акциа "Агәалашәара амца" мҩаԥысит Владислав Арӡынба ихь зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи аҟны.
Кремль аҭыӡқәа ирывоу Александр ибаҳча аҟынтәи Ҿыцәаара зқәым амца аҟәырҷаха Аԥсныҟа иааргеит "Жәлар рфронт" ахаҭарнакцәа, иара убас Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Валери Гориуханов, ашәаҳәаҩ Мара Кана.
Амцабз аҟәырҷаха акәаҷабла лыдылкылеит амузеи аиҳабы Мзиа Беииаԥҳа. Аусмҩаԥгатә иалахәын аҳәынҭқарра ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Россотрудничество ахаҭарнакра анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Вадим Банников.
Аусмҩаԥгатә аиҿкааҩцәа — Россотрудничество ахаҭарнакра, Владислав Арӡынба ихь зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи, Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа, Урыстәылеи Аԥсни ртәылахьчаратә министррақәа рыцхыраарала.

Ҿыцәаара зқәым амца Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегь рахь иргоит.
Иара убас амца аҟәырҷаха аветеранцәеи урҭ рхылҵшьҭрақәеи ирырҭоит ҳәа иҳәеит Жәлар рфронт ахаҭарнак Валери Гориуханов.