Жәлар Реизара аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьӡқәеи рзы азакәан аԥсахрақәа аланагалеит
12:53 07.05.2026 (ирҿыцуп: 13:16 07.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 7 — Sputnik. Аԥсны Жәлар Реизара аҵыхәтәантәи аԥхьарала аҳәынҭқарратә ҳамҭақәеи аҳаҭыртә хьӡқәеи рзы азакәан аԥсахрақәа аланагалеит.
Ареспубликаҿы ицәырҵит аҳаҭыртә хьӡы ҿыц — "Аимадара зҽаԥсазтәыз аусзуҩ", ари аусхк аҿы 15 шықәса ма инеиҳаны аус зуа атәылауаа рзы.
Даҽа еиҭакрак рыдыркылеит — Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа Аԥсны аинтересқәа адунеи аҿы рыхьчареи раларҵәареи рҟны рылшамҭақәа рзы иранашьахар ҟалоит — "Адипломатиатә маҵзура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа ахьӡ.