Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Русудан Барганџьиа иахьа лиубилеи азгәалҭеит
21:53 11.05.2026 (ирҿыцуп: 22:06 11.05.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 11 — Sputnik. Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист Русудан Барганџьиа иахьа лиубилеи азгәалҭеит.
1983 шықәсазы Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университет далгеит, аусура далагеит агазеҭ "Советская Абхазия" аҟны.
1986 шықәсазы Барганџьиа Аԥсны ажурналистцәа реидгыла далахәылахеит, шықәсык ашьҭахь СССР ажурналистцәа реидгыла далалеит.
2010 шықәса раахыс Русудан Барганџьиа агазеҭ "Республика Абхазия" аҟны аус луеит, лара изныкымкәа Аԥсны ажурналистцәа реидгыла имҩаԥнаго аицлабрақәа рҟны аԥхьахәқәа ланаршьахьеит.
"Русудан Амиран- иԥҳа аиҳарак ақыҭанхамҩа, ақыҭа аҿиара апрограмма анагӡара, анхацәа ирызкны илыҩуеит. Русудан Барганџьиа агәабзиареи, ақәҿиарақәеи, аманшәалареи лзеиӷьаҳшьоит", — аҳәоит Аԥсны ажурналистцәа реидгыла ахантәаҩы Руслан Ҳашыг иҟаиҵаз адныҳәалараҿы.