Иахьа Аҟәа дыргәаладыршәеит Баграт Шьынқәба
12:42 12.05.2026 (ирҿыцуп: 12:55 12.05.2026)

© Screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 12 — Sputnik. Иахьа Аҟәа дыргәаладыршәеит Баграт Шьынқәба ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ахада ипресс-маҵзура.
Жәлар рпоет ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынба, уи ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, аԥыза-министр Владимир Делба, аиҳабыра алахәылацәа, аҭҵаарадырратәи арҿиаратәи интеллигенциа рхаҭарнакцәа.
Баграт Шьынқәба – аԥсуа шәҟәыҩҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аԥсны Жәлар рпоет, "Ахьӡ-Аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу. Диит лаҵарамза 12 1917 шықәсазы Ҷлоу ақыҭан.