"Диоскуриа" амҩахырхарҭа Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҟынӡа иацырҵар алшоит
14:46 12.05.2026 (ирҿыцуп: 16:35 12.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Афымцадәыӷба "Диоскуриа " Аҟәеи Сириуси рыбжьара иныҟәоит 2025 шықәса лаҵарамза 1 инаркны. Сынтәа уи амҩахырхарҭа иацҵахоит "Гәыма" аангыларҭанӡа.
АҞӘА, лаҵара 12 — Sputnik."Диоскуриа" амҩахырхарҭа Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҟынӡа иацырҵар алшоит. Абри атәы иҳәеит аҳәынҭқарра ахада Бадра ГәынбаТАСС аинтервиу аҭо.
"Ҳара иҳамоуп абас еиԥш иҟоу агәҭакқәа — Аԥсны иахьаҵанакуа агеографиа арҭбаара. Раԥхьа иргыланы ҳара ҳҽазаҳшәоит "Диоскуриа" аҳаирбаӷәазаҟынӡа анеира. Уи даара акраҵанакуеит, иманшәалоуп", — ҳәа ҳәеит Гәынба.
Иара иҳәеит, ҳаԥхьаҟа амҩахырхарҭа Очамчыранӡа ацҵара шазгәаҭоу. Уигьы атәыла мрагыларатәи араионқәа ртуристтә лшара аҿиара ианыруеит.
"Сгәанала, Аԥсныҟа аԥсшьареи аинвестициақәа ралагалареи хықәкыс иҟаҵаны иаауа ауаа рзы мрагыларатәи Аԥсны еиҳа аинтерес аҵоуп иҿиоу мраҭашәаратәи ахәҭа аасҭа ", — ҳәа азгәеиҭеит атәыла ахада.
Гәынба иҳәеит аԥыррақәа рыԥкра аамҭазы Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза Шәача "аԥсахыр" шалшо.
"Уи маншәалоуп – сааҭла [аҳауаҿы] аҟазаара аҭахӡам, уи аҳаиреилахәырақәеи аиагаҩцәеи рныхрақәа роуп", — иҳәеит атәыла ахада.
Иара иазгәеиҭеит, Шәача ацынхәрас аҳаирпланқәа Аҟәа итәар, атәылауаа шәачанӡа електричкала инеир шрылшо.