Гәынбеи Аԥсни Ҟарачы-Черқьесиеи аԥсылманцәа рдоуҳатә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи еиԥылеит
17:51 18.05.2026 (ирҿыцуп: 18:31 18.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 18 — Sputnik. Аԥсни Ҟарачы-Черқьесиеи аԥсылманцәа рдоуҳатә усбарҭақәеи русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит Бадра Гәынбеи ареспубликақәа рмуфтиацәеи.
Муҳаммад-Ҳаџьы Еркенови Ҭемыр Ӡыбеи реиԥылара мҩаԥысит аҳәынҭқарра ахада Иусбарҭаҿы.
Гәынба иазгәеиҭеит, Аԥсны еснагь адинхаҵарақәа рыбжьара аинычҳара ахьыҟоу динрацәала еилоу тәыланы ишыҟаз, урҭ атрадициақәа аҵак ду шрымоу еиуеиԥшым амилаҭқәеи адинхаҵарақәеи рхаҭарнакцәа рыбжьара, ауаажәларра рҿы аҭынчреи, аҭышәынтәалареи реиқәырхаразы, ҳәа аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра ахада иазгәеиҭеит, Аԥсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан ацхырааразы Ҟарачы-Черқьесиагьы уахь иналаҵаны, Нхыҵ Кавказ аиашьаратә республикақәа рҟынтәи ишааз хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа,урҭ рҟырхаҵара ареспубликаҿы ахаан ишырхамышҭуа азгәеиҭеит.
Еркенови Ӡыбеи адоуҳатә усбарҭақәа реинырра ԥхьаҟагьы арҿиара ишазыхиоу рҳәеит.