Рауль Гәазаа Ареспубликатә апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас дҟаҵоуп
17:47 18.05.2026 (ирҿыцуп: 18:51 18.05.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 18 — Sputnik. Рауль Гәазаа Ареспубликатә апсихиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым хадас дҟаҵоуп.
Абри азы адҵа инапы аҵtиҩит агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәниа.
Уаанӡа ари амедусҳәарҭа напхгара азҭо Ирина Ануа иналышьҭыз арзаҳал инақәыршәаны лнапынҵақәа рҟынтәи лхы дақәиҭтәуп.
Рауль Гәазаа — Ҟабарда-Балкариатәи аҳәынҭқарратә университет амедицинатә факультет "Ахәшәтәратә ус" азанааҭ ала далгеит. 2011 шықәса рзы аинтернатура далгеит "Апсихиатриа" азанааҭ ала.
2012 ашықәс азы аррамаҵура ихигеит Аԥснытәи арратә хәышәтәырҭа хадаҿы, уи аамҭазы аус иуан Аҟәатәи Ареспубликатә наркологиатә диспансер аҿы аҷаԥшьаратә ҳақьымс аус иуан. Апсихиатриазы Москватәи аҭҵаарадырратә институт аординатура дахысит, уи инаваргыланы Москва ақалақьтә поликлиника №11 аҿы аҳақьым-психиатр аус иуан.
П.Б. Ганнушкин ихьӡ зху апсихиатриатә клиникатә хәышәтәырҭа №4 амбулатортә ҟәша аҿы аҳақьым-психиаторс дыҟан. 2018-2023 шықәсқәа рзы уи аҟәша аиҳабыс дыҟан.
2017 шықәса инаркны 2026 шықәсанӡа акционертә еилазаара "Гознак" амедицина-санитартә ҟәшаҿы ҳақьым-психиатр аус иуан.