https://sputnik-abkhazia.info/20260519/1063127593.html
Аинар Ҵәыџьба Наҭиа Бахҭаӡе гәҭакыла дишьит ҳәа ахара идҵоуп
Аинар Ҵәыџьба Наҭиа Бахҭаӡе гәҭакыла дишьит ҳәа ахара идҵоуп
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, лаҵара 19 — Sputnik. Аинар Ҵәыџьба Наҭиа Бахҭаӡе гәҭакыла дишьит ҳәа ахара идҵоуп. 19.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-19T19:20+0300
2026-05-19T19:20+0300
2026-05-19T20:30+0300
аԥсны
аԥсны
ажәабжьқәа
ахҭысқәа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/0c/1062935233_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_238708e886fc2567ea1e1d48debe267e.jpg
АҞӘА, лаҵара 19 — Sputnik. Аинар Ҵәыџьба Наҭиа Бахҭаӡе гәҭакыла дишьит ҳәа ахара идҵоуп. Тҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа иара 7 шықәсеи фымзи аҭакра иқәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада. Аусҭҵаара излаанацҳауа ала, ԥхынгәы 28 2023 шықәсазы Гал ақалақь аҿы 1988 шықәсазы ииз Аинар Ҵәыџьбеи 1995 шықәсазы ииз Наҭиа Бахҭаӡеи амашьына Lexus GX 470 аҿы аимак рыбжьалеит. Ахаҵа аҭыԥҳа лхы иамариашаны дықшеит, уи иахҟьаны аӡӷаб лыҧсҭазаара далҵит. Анаҩс, лыԥсыбаҩи лымаҭәақәеи ЕгрыГЕС ахԥатәи аӡхыҽҽаҿы аӡы иаиҭеит. ԥшаарақәа шымҩаԥгазгьы, аԥсыбаҩ рымбеит. Галтәи араион апрокуратура ашьаус хацнаркит хабарда ибжьаӡыз аӡӷаб лан иҟалҵаз арзаҳал инақәыршәаны. Зус рыӡбо ахара шиду ала иҿы иқәшаҳаҭхеит. Иара убас ааха зауз рҟынтә азыҳәа ахәҭак аӡбарҭа адгылара анаҭеит аграждантә аҳәара — аматериалтәии аморалтәии ааха азы ацхыраара аиуразы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/0c/1062935233_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_db6f9c9750a9631eebd8a97c96ea4b17.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аԥсны, ажәабжьқәа, ахҭысқәа
аԥсны, ажәабжьқәа, ахҭысқәа
Аинар Ҵәыџьба Наҭиа Бахҭаӡе гәҭакыла дишьит ҳәа ахара идҵоуп
19:20 19.05.2026 (ирҿыцуп: 20:30 19.05.2026) АҞӘА, лаҵара 19 — Sputnik. Аинар Ҵәыџьба Наҭиа Бахҭаӡе гәҭакыла дишьит ҳәа ахара идҵоуп.
Тҟәарчалтәи араионтә ӡбарҭа иара 7 шықәсеи фымзи аҭакра иқәнаҵеит ҳәа аанацҳауеит Апрокуратура хада. Аусҭҵаара излаанацҳауа ала, ԥхынгәы 28 2023 шықәсазы Гал ақалақь аҿы 1988 шықәсазы ииз Аинар Ҵәыџьбеи 1995 шықәсазы ииз Наҭиа Бахҭаӡеи амашьына Lexus GX 470 аҿы аимак рыбжьалеит. Ахаҵа аҭыԥҳа лхы иамариашаны дықшеит, уи иахҟьаны аӡӷаб лыҧсҭазаара далҵит. Анаҩс, лыԥсыбаҩи лымаҭәақәеи ЕгрыГЕС ахԥатәи аӡхыҽҽаҿы аӡы иаиҭеит.
ԥшаарақәа шымҩаԥгазгьы, аԥсыбаҩ рымбеит. Галтәи араион апрокуратура ашьаус хацнаркит хабарда ибжьаӡыз аӡӷаб лан иҟалҵаз арзаҳал инақәыршәаны.
Зус рыӡбо ахара шиду ала иҿы иқәшаҳаҭхеит. Иара убас ааха зауз рҟынтә азыҳәа ахәҭак аӡбарҭа адгылара анаҭеит аграждантә аҳәара — аматериалтәии аморалтәии ааха азы ацхыраара аиуразы.