https://sputnik-abkhazia.info/20260522/1063191348.html
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш: Аҟәа ишазгәарҭаз
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш: Аҟәа ишазгәарҭаз
Sputnik Аҧсны
1864 шықәсазы лаҵарамза 21 — Кавказтәи аибашьра аилгара амш. Аибашьра ашьҭахь жәанызқьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны иқәҵыр акәхеит. 22.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-22T15:37+0300
2026-05-22T15:37+0300
2026-05-22T15:38+0300
аԥсны
афотосахьақәа
аԥсны
арепатриациа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/16/1063193276_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_f26cb6404fb0ea4f713ec6c5e55d24ab.jpg
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыст Аҟәа. Традициала алахьеиқәратә мшы аҽны амшын аԥшаҳәаҿы аныҟәара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә иалахәыз милаҭ маҭәала еилаҳәаны, Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа инаркны Амҳаџьырцәа рбаҟа аҟынӡа инеит аԥсуеи адыгааи рбираҟқәа, аҭаацәаратә дыргаҷыдақәа, аҵәыџьқәеи кны. Уи ашьҭахь Амҳаџьырцәа рбаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит, уи далахәын Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә копелла. Артистцәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рҟынтәи мчыла ахырҵәара атемала иаԥҵаз аҩымҭақәа рышьаҭала ашәақәа нарыгӡеит. Аусмҩаԥгатә ашьҭахь, алахәылацәа амшын ашәҭҿаҳәарақәа хырҵеит, аритуалтә амца еиқәырҵеит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/16/1063193276_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_cad945399d28b63c9b4691d9deb20096.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны, арепатриациа
фото, афотосахьақәа, аԥсны, арепатриациа
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәаларшәара амш: Аҟәа ишазгәарҭаз
15:37 22.05.2026 (ирҿыцуп: 15:38 22.05.2026) 1864 шықәсазы лаҵарамза 21 — Кавказтәи аибашьра аилгара амш. Аибашьра ашьҭахь жәанызқьҩыла аԥсуаа рҭоурыхтә ԥсадгьыл ааныжьны иқәҵыр акәхеит.
Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара аҳаҭыр иазку аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥыст Аҟәа.
Традициала алахьеиқәратә мшы аҽны амшын аԥшаҳәаҿы аныҟәара мҩаԥысит. Аусмҩаԥгатә иалахәыз милаҭ маҭәала еилаҳәаны, Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа инаркны Амҳаџьырцәа рбаҟа аҟынӡа инеит аԥсуеи адыгааи рбираҟқәа, аҭаацәаратә дыргаҷыдақәа, аҵәыџьқәеи кны.
Уи ашьҭахь Амҳаџьырцәа рбаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит, уи далахәын Аԥсны ахада Бадра Гәынба. Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә копелла. Артистцәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рҟынтәи мчыла ахырҵәара атемала иаԥҵаз аҩымҭақәа рышьаҭала ашәақәа нарыгӡеит.
Аусмҩаԥгатә ашьҭахь, алахәылацәа амшын ашәҭҿаҳәарақәа хырҵеит, аритуалтә амца еиқәырҵеит.

Аҟәа Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш азгәарҭеит.

Аибашьра еилгеит лаҵарамза 21 1864 шықәсазы.

Аҳҭнықалақь аԥшаҳәаҿы итрадициатәхаз аныҟәара мҩаԥысит.

Аусмҩаԥгатә алахәылацәа амилаҭтә маҭәа рышәҵаны Багаԥшь ихьӡ зху ашҭа аҟынтәи Амҳаџьырцәа рбаҟа аҟынӡа имҩасит.

Рнапы иакын аԥсуа, адыга бираҟқәеи аҵәыџьқәеи.

Аныҟәара аан, 1988 шықәсазы Кавказтәи аибашьраҿы иҭахаз ргәалашәара иазкны Аҟәа раԥхьаӡа имҩаԥысыз акциа алахәылацәа иркыз абираҟгьы мҩаныргеит.

Аҵарауаа излаарыцҳауа ала, 1877 шықәсазы Аԥсны иалцан 50 нызқьҩы раҟара ауааԥсыра. Иааизакны аԥсуа-абаза милаҭ иреиуоу XIX ашәышықәса 60–70-тәи ашықәсқәа рзы ихырҵәаз рхыԥхьаӡара 135 нызқьҩык иреиҳауп, аублаақәа налаҵаны — 180 нызқьҩык.

Агәалашәаратә ныҟәара алахәылацәа жәлантәыла зҭыԥқәа рҟынтәи иқәҵыз аҭаацәарақәа рыжәлатә дыргаҷыақәа ркын.

Ахәылбыҽха Амҳаџьырцәа рбаҟаҿы ашәҭқәа рышьҭаҵара мҩаԥысит.

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара иазкны аритуальә мца еиқәырҵеит.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит Аԥсны ахада Бадра Гәынба, атәыла анапхгара, арепатриантцәа, ауаажәларра.

Абаҟа аҿы агәалашәаратә хәылԥазгьы мҩаԥган. Еизаз рҿаԥхьа иқәгылеит аҳәынҭқарратә хортә копелла. Артистцәа аԥсуа шәҟәыҩҩцәа рҩымҭақәа рҟынтәи мчыла ахырҵәара атемала иаԥҵаз аҩымҭақәа рышьаҭала ашәақәа нарыгӡеит.