00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
On air
18:00
30 мин
On air
18:30
30 мин
On air
21:00
30 мин
On air
21:30
30 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7
Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Ашәахәақәа уҿахәмаруа иубазар": амра иазку ажәлар разгәаҭарақәеи аԥхыӡқәеи

© Sputnik / Томас ТхайцукРассвет
Рассвет  - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.05.2026
Анапаҵаҩра
Адунеи зырлашо амра иазку ажәлар разгәаҭарақәа, иара убасгьы аԥхыӡқәа рҿы амра ҵакыс иамоуи ртәы шәаԥхьарц шәылшоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа лматериал аҟны.
Шеишықәсала амра шеишеи адгьыл агәышҵа арԥхоит. Ашәахәацқәа ажәлеиԥш иҟьо аԥсабара арҿыхоит, ауаа ирыхәлаччоит − амш ҿыц аԥылара агәаҳәара рыҭо.
Иахмырҟьацәакәа амра ацәылара ауаҩы игәабзиара иазеиӷьуп, уи шьақәырӷәӷәоуп медицинала. Ҳмилаҭ иаԥырҵаз жәаԥҟа ҟәыӷак цәажәоит абас: "Амра ицәылаз ахьаа аҳақьым даҭахӡам" ҳәа. Ари ажәаԥҟа ишьақәнарӷәӷәоит - ианаамҭоу амра ицәыло, аџьа збо, зҽазырбылуа, игәабзиарагьы иазеиӷьхоит - зегь рыла аӡын дыӷәӷәаҟацаӡа даԥылоит.
Аԥсуа жәаԥҟақәа реилазаараҿы иубоит амра ахаҿсахьа ганрацәала иаазырԥшуагьы: "Амра аԥшандагала иузырхьшәашәом", "Амра уахәаԥшцәар, ашәшьыра узбом", "Амрагьы уара узы игылашәа убалароуп, даҽа шьоукы рзы игылошәа убар – ԥхара унаҭом", "Амрагьы зны-зынла ԥҭа хәыҷык иаҵәахуеит", "Амра аҟынгьы џьара шәытарак ҟалоит" - рҳәоит дара.

Амреи ажәлар разгәаҭарақәеи

Аԥсуаа адәылашара ҳазҭо амра ианакәызаалак пату рзақәын, иҟан аамҭақәа ианынцәахәыртәуаз, лымкаала ианамҵаныҳәоз.
Жәҩанахьтә илбааԥхо амра ахымҩаԥгашьала амш зеиԥшрахо аилкаара рҽазыршәон, убри инамаданы ишьақәгылон ажәлар разгәаҭарақәа. Абар урҭ иҳарҳәауа:
Амра аӷьцәазар, амшцәгьа иатәуп рҳәоит.
Амрагыларахь шьыжьымҭан ашәаԥшь анхыла, амш цәгьахоит.
Амра аӡааламҭазы ианыҟаԥшьцәахалак – аԥша иазҳәоуп.
Амра аӡааламҭазы аԥсҭҳәа анаҿыкәыршаха – амшцәгьа.
Амра аԥсҭәҳәақәа ианрылаӡ – аԥша.
Амраҭашәарахь ашәаԥшь ыҟазар, ақәа ауӡом лассы.
Амраҭашәара ажәҩан анҵыблаа – ақәа.
Амра ахьадыԥхало ала аԥсаатә рыҭра аныҟарҵа – аԥхынра хьшәашәарахоит.
Амра аӡынра ианкацеицәа – амшцәгьа иазҳәоуп.
Асы мрала ианышьҭыҵ – ааԥынра бзиахоит.
Амра нцәырҟьа-цәырасуа ақәоура ианалага – лассы ихкәоит. Амра "заа" ианымгыла - амра аӷьны, ашоура цәгьа ҟалоит.

Амреи аԥхыӡқәеи

Амра аԥхара уеиԥхыӡыр – узеигәырӷьо насыԥк уаниоит.
Ԥхыӡла амра шыԥхо акәымкәа аӡәы аҳаргь ухаиргылазар – убзиара иашьҭам, згәы цқьам ауаҩы сасра дузаауеит.
Амра ашәахәақәа уҿахәмаруа ԥхыӡла иубазар, агәырӷьареи аманшәалареи иртәуп.
Ԥхыӡла амра амшын инӡаало иубазар, угәы иҵхоз уск уқәманшәалахоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0