Бадра Гәынба урыстәылатәи ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рделегациа дырԥылеит
11:54 25.05.2026 (ирҿыцуп: 13:30 25.05.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
Иахьа Аԥсуа театр афоие аҿы имҩаԥысуеит "Иналукааша ауаа рыԥсҭазаара" асериа иаҵанакуа ашәҟәы "Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара.
АҞӘА, лаҵара 25 — Sputnik. Бадра Гәынба ашәҟәыҩҩы Даур Занҭариа иирамш аҳаҭыраз Урыстәылантәи иааз ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи рделегациа дырԥылеит.
Асасцәа рыбжьара дыҟоуп Максим Гуреев — "Даур Занҭариа: Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" автор.
Аҳәынҭқарра ахада ашәҟәы аҭыжьразы ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, Даур Занҭариа ирҿиара аԥсуа культуразы иамоу аҵакы.
Аҳәынҭқарра ахада ашәҟәы аҭыжьразы ҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит, Даур Занҭариа ирҿиара аԥсуа культуразы иамоу аҵакы.
"Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иҟашәҵо азҿлымҳаразы, аԥсуа культуреи уи зырҿиои инарҭбааны реилкаара шәахьашьҭоу. Иахьа ҳара даҽазныкгьы ҳаидикылеит Даур Занҭариа – ииашаҵәҟьаны аԥсуа жәлар рҟазшьа аазырԥшуаз, зеиԥшыҟам ҳкультура еиҭазҳәаз уаҩын", — ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Гәынба.
Ашәҟәыҩҩы аԥсуа культураҿы мацара акәымкәа, адунеи зегьы аҿы ишьҭа аанижьит ҳәа азгәеиҭеит иара.
Максим Гуреев иазгәеиҭеит Даур Занҭариа асахьаркыратә ажәа дшазҟазаз.
"Даур итекстқәа зегьы срыԥхьеит — иџьашьахәуп. Аурыс литератураҿы уи иеиԥшу схаҿы дааиӡом", — иҳәеит Гуреев.
Максим Гуреев иазгәеиҭеит Даур Занҭариа асахьаркыратә ажәа дшазҟазаз.
"Даур итекстқәа зегьы срыԥхьеит — иџьашьахәуп. Аурыс литератураҿы уи иеиԥшу схаҿы дааиӡом", — иҳәеит Гуреев.
Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, Москватәи аԥсуа диаспора ахаҭарнак Беслан Кобахьиа, асахьаҭыхҩы Адгәыр Ӡиӡариа, Аԥсны Ажурналистцәа реидгыла аиҳабы Руслан Ҳашыг, ашәҟәыҩҩы Даур Начҟьебиа, Sputnik Аԥсны анаԥхгаҩы Руслан Бганба.
Еицырдыруа аԥсуа шәҟәыҩҩы Даур Занҭариа диит лаҵара 25 1953 шықәсазы.
Иахьа Аԥсуа театр афоие аҿы имҩаԥысуеит "Иналукааша ауаа рыԥсҭазаара" асериа иаҵанакуа ашәҟәы "Даур Занҭариа. Аҟәа иԥшааз ашәҟәы" аӡыргара.
