Урыстәылеи Беларуссиеи арҭҟәацгақәа Урыстәылаҟа ралагалараз аҽазышәарақәа еиԥдырҟьеит
12:03 26.05.2026 (ирҿыцуп: 12:50 26.05.2026)

© Sputnik / Евгений Биятов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 26 — Sputnik. Урыстәыла АШәМ-и Беларуссиа АШәМ-и ашықәс алагамҭазы 500 инареиҳаны арҭҟәацгақәа Урыстәылаҟа ралагалараз аҽазышәарақәа еиԥдырҟьеит.
Ари аус Киев еиҿнакааит атерактқәа рымҩаԥгаразы ҳәа иҳәеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адиректор Александр Бортников, ИАР атәылақәа ршәарҭадаратә усбарҭақәеи амаҵзура ҷыдақәеи рнапхгаҩцәа рхеилак 58-тәи аилатәараҿы.
Иара еиҭеиҳәеит егьырҭ атәылақәа аус рыцура атәгьы. Таџьикисҭантәи рҩызцәеи дареи атеррористцәа ргәыԥеиҿкаара рԥырхагара аԥдырҟәҟәааит, Узбекистантәи рколлегацәеи урыстәылатәи азинхьчаҩцәеи Москвагьы уахь иналаҵаны, Урыстәыла арегионқәа рҿы атеррористцәа ржәыларақәа хәба аԥдырҟәҟәааит.
Бортников иажәақәа рыла, аусбарҭақәа жәларбжьаратәи атерроризм аҿагылараҿы иааигәаны реинырра аҵак ду шамоу.