https://sputnik-abkhazia.info/20260526/1063270634.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал араион ахәҭак лашарада иҟазаауеит. Иацтәи ақәаршҩы иахҟьаны 300 метра рҟынӡа афымцацәаҳәақәа ҿахҵәоуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч"... 26.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-26T13:01+0300
2026-05-26T13:01+0300
2026-05-26T13:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/1a/1063270468_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_b9b60ac7cd6d9b7409f0e1e92df5d23f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал араион ахәҭак лашарада иҟазаауеит. Иацтәи ақәаршҩы иахҟьаны 300 метра рҟынӡа афымцацәаҳәақәа ҿахҵәоуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Арыцқьарақәа ирҿуп, ацәаҳәақәа реиҭашьақәыргыларазы аусзуҩцәа рнеира иазыԥшуп.
Гал араион ҩ-қыҭак рҿы адгьыл ҳәазеит. Алакәымҳара ақыҭан адгьыл ҳәазаны амҩа иаԥыраҳаит. "Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи, ақалақь анхамҩатә усбарҭа аусзуҩцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи рыбзоурала амҩа ирласны ирыцқьан", — ҳәа аанацҳауеит Гал-медиа. Махәиџьра ақыҭангьы адгьыл аҳәазара иахҟьаны амҩа аркуп, уажәы арыцқьаразы аусура ахыркәшарахь инеикеит. Амшцәгьақәа ирыхҟьаны еиԥҟьаз афымцалашара иаарласны ишьақәдаргылеит "Амшынеиқәафымцамч" Галтәи аҟәша аусзуҩцәа.
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҿы амузыка адоуҳа афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит агала-концерт. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит ахкынагӡаҩцәа Илиа Легатов, Ельнара Караханова, Кристина Ешԥҳа, Витторио Ԥлиаԥҳа, Леон Барас, Мария Емилиа Терзиан-Ҳагба, Асҭанда Џьыкырԥҳа. Аусмҩаԥгатә аҿы ицәырган амузыкатә гәыԥ ҿыц — Афонҿыцтәи афестиваль Жәларбжьаратәи аҿар рхор, уи аилазаараҿы иҟоуп хә-тәылак Урыстәыла, Китаи, Белорусиа, Ҟазахстан, Аԥсны рҟынти ахортә дирижиорцәеи ашәаҳәаҩцәеи. Аколлектив еиҿикааит напхгаҩысгьы дамоуп Пицундатәии Афонҿыцтәии афестивальқәа рсахьаркыратә напхгаҩы, адиректор, Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиор Барас Кәыҿба.
Жәлар рмузыкатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә оркестр агастрольқәа мҩаԥнагеит Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы. Аколлектив апродиусер Гәдиса Арухаа иажәақәа рыла, дара ДЖәР аҿы агәгылара рҭахижьҭеи акрааҵуеит. "Ҳара уаанӡа ДЖәР ҳаҭаахьан ҳколлектив аилазаара рмаҷны, аҷкәынцәа ргәыԥ аҟны ирмаҷны аконцерт мҩаԥаҳгеит. Акыр ҵуан ҳгәыԥ зегьы ҳаицны аара ҳҭахижьҭеи", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Аоркестр зегьы ҳаицны ақәгыларазы алшара аныҟала, амузыкантцәа ргәы иахәеит ҳәа иҳәеит Арухаа.Иазгәаҭан х-концертк амҩаԥгара. Агастрольқәа хацырхеит Мариуполь, иахьа ихыркәшахеит Донецк.
Тҟәарчал араион ахәҭак лашарада иҟазаауеит. Иацтәи ақәаршҩы иахҟьаны 300 метра рҟынӡа афымцацәаҳәақәа ҿахҵәоуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Арыцқьарақәа ирҿуп, ацәаҳәақәа реиҭашьақәыргыларазы аусзуҩцәа рнеира иазыԥшуп. Гал араион ҩ-қыҭак рҿы адгьыл ҳәазеит. Алакәымҳара ақыҭан адгьыл ҳәазаны амҩа иаԥыраҳаит. "Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи, ақалақь анхамҩатә усбарҭа аусзуҩцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи рыбзоурала амҩа ирласны ирыцқьан", — ҳәа аанацҳауеит Гал-медиа. Махәиџьра ақыҭангьы адгьыл аҳәазара иахҟьаны амҩа аркуп, уажәы арыцқьаразы аусура ахыркәшарахь инеикеит. Амшцәгьақәа ирыхҟьаны еиԥҟьаз афымцалашара иаарласны ишьақәдаргылеит "Амшынеиқәафымцамч" Галтәи аҟәша аусзуҩцәа. Афонҿыцтәи аҳаԥы аҿы амузыка адоуҳа афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит агала-концерт. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит ахкынагӡаҩцәа Илиа Легатов, Ельнара Караханова, Кристина Ешԥҳа, Витторио Ԥлиаԥҳа, Леон Барас, Мария Емилиа Терзиан-Ҳагба, Асҭанда Џьыкырԥҳа. Аусмҩаԥгатә аҿы ицәырган амузыкатә гәыԥ ҿыц — Афонҿыцтәи афестиваль Жәларбжьаратәи аҿар рхор, уи аилазаараҿы иҟоуп хә-тәылак Урыстәыла, Китаи, Белорусиа, Ҟазахстан, Аԥсны рҟынти ахортә дирижиорцәеи ашәаҳәаҩцәеи. Аколлектив еиҿикааит напхгаҩысгьы дамоуп Пицундатәии Афонҿыцтәии афестивальқәа рсахьаркыратә напхгаҩы, адиректор, Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиор Барас Кәыҿба. Жәлар рмузыкатә рҳәагақәа аҳәынҭқарратә оркестр агастрольқәа мҩаԥнагеит Донецктәи Жәлар Рреспубликаҿы. Аколлектив апродиусер Гәдиса Арухаа иажәақәа рыла, дара ДЖәР аҿы агәгылара рҭахижьҭеи акрааҵуеит. "Ҳара уаанӡа ДЖәР ҳаҭаахьан ҳколлектив аилазаара рмаҷны, аҷкәынцәа ргәыԥ аҟны ирмаҷны аконцерт мҩаԥаҳгеит. Акыр ҵуан ҳгәыԥ зегьы ҳаицны аара ҳҭахижьҭеи", — ҳәа азгәеиҭеит иара. Аоркестр зегьы ҳаицны ақәгыларазы алшара аныҟала, амузыкантцәа ргәы иахәеит ҳәа иҳәеит Арухаа.Иазгәаҭан х-концертк амҩаԥгара. Агастрольқәа хацырхеит Мариуполь, иахьа ихыркәшахеит Донецк.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/1a/1063270468_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_c7e76a26291ea70a70a22581490808ac.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио