https://sputnik-abkhazia.info/20260526/1063272022.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал араион ахәҭак лашарада иҟазаауеит. Иацтәи ақәаршҩы иахҟьаны 300 метра рҟынӡа афымцацәаҳәақәа ҿахҵәоуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч"... 26.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-26T13:30+0300
2026-05-26T13:30+0300
2026-05-26T13:41+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/1a/1063271856_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_fdb743d01cbcba2bac77291164dbf100.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Тҟәарчал араион ахәҭак лашарада иҟазаауеит. Иацтәи ақәаршҩы иахҟьаны 300 метра рҟынӡа афымцацәаҳәақәа ҿахҵәоуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Арыцқьарақәа ирҿуп, ацәаҳәақәа реиҭашьақәыргыларазы аусзуҩцәа рнеира иазыԥшуп.
Гал араион ҩ-қыҭак рҿы адгьыл ҳәазеит. Алакәымҳара ақыҭан адгьыл ҳәазаны амҩа иаԥыраҳаит. "Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи, ақалақь анхамҩатә усбарҭа аусзуҩцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи рыбзоурала амҩа ирласны ирыцқьан", — ҳәа аанацҳауеит Гал-медиа. Махәиџьра ақыҭангьы адгьыл аҳәазара иахҟьаны амҩа аркуп, уажәы арыцқьаразы аусура ахыркәшарахь инеикеит. Амшцәгьақәа ирыхҟьаны еиԥҟьаз афымцалашара иаарласны ишьақәдаргылеит "Амшынеиқәафымцамч" Галтәи аҟәша аусзуҩцәа.
Аргылаҩцәа Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҿы ақәаршыҩқәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалагеит. Ҭыԥқәак рҿы аусурақәа иаха ирылагеит ҳәа аанацҳауеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа. Аусбарҭа ахада Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, зегь раасҭа ааха аиуит Тҟәарчал араион, уа 11 еиланхарҭа аӡы рыҵалеит. "Зынӡа араион аҿы амшцәгьа иахҟьаны 1500 рҟынӡа ҭӡы рҭагылазаашьа уадаҩуп. Апроблема хадақәа иреиуоуп: амҩақәа рықәыӡәӡәаара, ацҳақәа аӡы рыҵаҵәара, аӡиасқәа рышьҭыҵра —150 рҟынӡа ҩны аӡы рыҵалареи", — еиҭеиҳәеит иара.
Афонҿыцтәи аҳаԥы аҿы амузыка адоуҳа афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит агала-концерт. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит ахкынагӡаҩцәа Илиа Легатов, Ельнара Караханова, Кристина Ешԥҳа, Витторио Ԥлиаԥҳа, Леон Барас, Мария Емилиа Терзиан-Ҳагба, Асҭанда Џьыкырԥҳа. Аусмҩаԥгатә аҿы ицәырган амузыкатә гәыԥ ҿыц — Афонҿыцтәи афестиваль Жәларбжьаратәи аҿар рхор, уи аилазаараҿы иҟоуп хә-тәылак Урыстәыла, Китаи, Белорусиа, Ҟазахстан, Аԥсны рҟынти ахортә дирижиорцәеи ашәаҳәаҩцәеи. Аколлектив еиҿикааит напхгаҩысгьы дамоуп Пицундатәии Афонҿыцтәии афестивальқәа рсахьаркыратә напхгаҩы, адиректор, Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиор Барас Кәыҿба.
Урыстәыла АШәМ-и Беларуссиа АШәМ-и ашықәс алагамҭазы 500 инареиҳаны арҭҟәацгақәа Урыстәылаҟа ралагалараз аҽазышәарақәа еиԥдырҟьеит. Ари аус Киев еиҿнакааит атерактқәа рымҩаԥгаразы ҳәа иҳәеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адиректор Александр Бортников, ИАР атәылақәа ршәарҭадаратә усбарҭақәеи амаҵзура ҷыдақәеи рнапхгаҩцәа рхеилак 58-тәи аилатәараҿы.
Тҟәарчал араион ахәҭак лашарада иҟазаауеит. Иацтәи ақәаршҩы иахҟьаны 300 метра рҟынӡа афымцацәаҳәақәа ҿахҵәоуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч". Арыцқьарақәа ирҿуп, ацәаҳәақәа реиҭашьақәыргыларазы аусзуҩцәа рнеира иазыԥшуп. Гал араион ҩ-қыҭак рҿы адгьыл ҳәазеит. Алакәымҳара ақыҭан адгьыл ҳәазаны амҩа иаԥыраҳаит. "Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ашәарҭадаратә маҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭеи, ақалақь анхамҩатә усбарҭа аусзуҩцәеи, аҭыԥантәи ауааԥсыреи рыбзоурала амҩа ирласны ирыцқьан", — ҳәа аанацҳауеит Гал-медиа. Махәиџьра ақыҭангьы адгьыл аҳәазара иахҟьаны амҩа аркуп, уажәы арыцқьаразы аусура ахыркәшарахь инеикеит. Амшцәгьақәа ирыхҟьаны еиԥҟьаз афымцалашара иаарласны ишьақәдаргылеит "Амшынеиқәафымцамч" Галтәи аҟәша аусзуҩцәа. Аргылаҩцәа Аԥсны мрагыларатәи араионқәа рҿы ақәаршыҩқәа рыхҟьаԥҟьақәа раԥыхра иалагеит. Ҭыԥқәак рҿы аусурақәа иаха ирылагеит ҳәа аанацҳауеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа. Аусбарҭа ахада Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, зегь раасҭа ааха аиуит Тҟәарчал араион, уа 11 еиланхарҭа аӡы рыҵалеит. "Зынӡа араион аҿы амшцәгьа иахҟьаны 1500 рҟынӡа ҭӡы рҭагылазаашьа уадаҩуп. Апроблема хадақәа иреиуоуп: амҩақәа рықәыӡәӡәаара, ацҳақәа аӡы рыҵаҵәара, аӡиасқәа рышьҭыҵра —150 рҟынӡа ҩны аӡы рыҵалареи", — еиҭеиҳәеит иара.Афонҿыцтәи аҳаԥы аҿы амузыка адоуҳа афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит агала-концерт. Ахәаԥшцәа рҿаԥхьа иқәгылеит ахкынагӡаҩцәа Илиа Легатов, Ельнара Караханова, Кристина Ешԥҳа, Витторио Ԥлиаԥҳа, Леон Барас, Мария Емилиа Терзиан-Ҳагба, Асҭанда Џьыкырԥҳа. Аусмҩаԥгатә аҿы ицәырган амузыкатә гәыԥ ҿыц — Афонҿыцтәи афестиваль Жәларбжьаратәи аҿар рхор, уи аилазаараҿы иҟоуп хә-тәылак Урыстәыла, Китаи, Белорусиа, Ҟазахстан, Аԥсны рҟынти ахортә дирижиорцәеи ашәаҳәаҩцәеи. Аколлектив еиҿикааит напхгаҩысгьы дамоуп Пицундатәии Афонҿыцтәии афестивальқәа рсахьаркыратә напхгаҩы, адиректор, Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капелла адирижиор Барас Кәыҿба. Урыстәыла АШәМ-и Беларуссиа АШәМ-и ашықәс алагамҭазы 500 инареиҳаны арҭҟәацгақәа Урыстәылаҟа ралагалараз аҽазышәарақәа еиԥдырҟьеит. Ари аус Киев еиҿнакааит атерактқәа рымҩаԥгаразы ҳәа иҳәеит Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура адиректор Александр Бортников, ИАР атәылақәа ршәарҭадаратә усбарҭақәеи амаҵзура ҷыдақәеи рнапхгаҩцәа рхеилак 58-тәи аилатәараҿы.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/1a/1063271856_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_5d2e487800d4b40e24d499b046c34e40.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио