Аԥсны аԥсылман уаԥшь Имам Абу Ҳанифа ихьӡ зху аԥсылман институт аҿы акурсқәа ирхысуеит
14:34 26.05.2026 (ирҿыцуп: 15:17 26.05.2026)

CC0 / /
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 26 — Sputnik. Аԥсны аԥсылман уаԥшь ахаҭарнакцәа Нальчик иҟоу Имам Абу Ҳанифа ихьӡ зху аԥсылман институт аҿы рзанааҭтә дырра аизырҳаразы акурсқәа ирхысуеит.
Аԥсылманцәеи активистцәеи Иаку рдоуҳатә усбарҭа аусзуҩцәа 25- ҩык разыҟаҵаразы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит Ҟарачы-Черқьесиеи Аԥсни рмуфтиацәа реиԥылараан ҳәа аанацҳауеит ҞЧА ИАРУ.
Нхыҵкавказтәи ареспубликақәа рҟынтәи аделегациа Fԥсныҟа иааит сынтәа, лаҵара 27 рзы иазгәарҭо Кәырбанныҳәа аламҭалазы.
Аҟәатәи аныҳәарҭа ҩны иаҭаауа абжьагажәақәа ирызрыԥхьеит, анцәахаҵаҩцәа ирԥылеит, ацхыраара зҭаху хаҭалатәи агуманитартә цхыраара рырҭеит, Гәдоуҭа аџьаама аргылара азҵаара иалацәажәеит.