Ацәыргақәҵа "Анаҟәаԥиа: наӡаӡатәи аицәажәара" аатит Афонҿыцтәи Аԥсуа аҳра амузеи аҟны
15:07 26.05.2026 (ирҿыцуп: 17:14 26.05.2026)

© Foto / Video screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 26 — Sputnik. Ацәыргақәҵа "Анаҟәаԥиа: наӡаӡатәи аицәажәара" аатит Афонҿыцтәи Аԥсуа аҳра амузеи аҟны.
Аекспозициа еиҿыркааит асахьаҭыхыҩцәа Реидгылеи ацәыргақәҵатә зал хадеи, уи ҩымз инарзынаԥшуа иаздырхион. Иара I Афонҿыцтәи афестиваль иахәҭакхеит.
Ацәыргақәҵаҿы аҭыԥ ду ааныркылоит Гиви Смыр иусумҭақәа. Уи ихьӡ Афон ҿыц иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп, иҟоуп егьырҭ асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәагьы ҳәа еиҭалҳәеит АЗХ адиректор Ельвира Арсалиаԥҳа.
"Диана Хынҭәԥҳа, Аԥшьа Ҳагԥҳа русумҭақәа рҿы ажәытәра ишеиҭазхәыцуа. Иахьатәи амш, иаҳҳәап, Витали Кацба, Мадина Бигәааԥҳа русумҭақәа рҿы изеиԥшроу, Амра Ҷычԥҳа лусумҭақәа рцикл дуӡӡа. Урҭ зегьы анс акә, арс акә Афон ақалақь, аҭоурых, акультура, ари афестиваль ирыднаҳәалоит", — лҳәеит лара.
Ацәыргақәҵа аартуп иахьеи уаҵәи.