https://sputnik-abkhazia.info/20260527/1063297457.html
Ҩ-хаҭарак реиҿаргылара: "Мариа Стиуарт" Аԥсуа театр асценаҿы
Ҩ-хаҭарак реиҿаргылара: "Мариа Стиуарт" Аԥсуа театр асценаҿы
Sputnik Аҧсны
Фридрих Шиллер ипиесала иқәыргылоу аспектакль "Мариа Стиуарт" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы.Ақәыргыламҭа арежиссиор — Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина... 27.05.2026, Sputnik Аҧсны
2026-05-27T11:38+0300
2026-05-27T11:38+0300
2026-05-27T13:46+0300
афотосахьақәа
аԥсны
акультура
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/1a/1063286303_0:100:1920:1180_1920x0_80_0_0_d1065905c84dd76e50934358d72ba719.jpg
Фридрих Шиллер ипиесала иқәыргылоу аспектакль "Мариа Стиуарт" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы.Ақәыргыламҭа арежиссиор — Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәынԥҳа. Адунеи аҿы аҳәса рпиесақәа маҷуп, убри аҟнытә, ари аматериал аҭҵаара даара аинтерес аҵоуп ҳәа азгәалҭеит арежиссиор. Апиеса аҟазаратә интерес — ззинқәа еиҟароу ҩ-хаҭарак реиҿаргылара: адунеи зегьы аҿы еицырдыруа аҳәса – Англиа аҳкәажә Елизаветеи ауадаҩрақәа ирыхҟьаны Англиа аҳра зауз Шотландиа аҳкәажә Мариа Стиуарти ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Аргәынԥҳа.Ақәыргыламҭа иалоуп фҩык актиорцәа — Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Ира Коӷониаԥҳа, Елеонора Коӷониаԥҳа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи зҽаԥсазтәыз артистка Хьыбла Мықәԥҳа, Кристина Цымцԥҳа, Саид Кокосқьериа, Алхас Ферзба.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/05/1a/1063286303_107:0:1814:1280_1920x0_80_0_0_cca6ebc065c1737ff6badf828bad82ce.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура
фото, афотосахьақәа, аԥсны, акультура
Ҩ-хаҭарак реиҿаргылара: "Мариа Стиуарт" Аԥсуа театр асценаҿы
11:38 27.05.2026 (ирҿыцуп: 13:46 27.05.2026) Фридрих Шиллер ипиесала иқәыргылоу аспектакль "Мариа Стиуарт" аԥхьарбара мҩаԥысит Аԥсуа театр аҿы.
Ақәыргыламҭа арежиссиор — Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәынԥҳа. Адунеи аҿы аҳәса рпиесақәа маҷуп, убри аҟнытә, ари аматериал аҭҵаара даара аинтерес аҵоуп ҳәа азгәалҭеит арежиссиор.
Апиеса аҟазаратә интерес — ззинқәа еиҟароу ҩ-хаҭарак реиҿаргылара: адунеи зегьы аҿы еицырдыруа аҳәса – Англиа аҳкәажә Елизаветеи ауадаҩрақәа ирыхҟьаны Англиа аҳра зауз Шотландиа аҳкәажә Мариа Стиуарти ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Аргәынԥҳа.
Ақәыргыламҭа иалоуп фҩык актиорцәа — Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Ира Коӷониаԥҳа, Елеонора Коӷониаԥҳа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи зҽаԥсазтәыз артистка Хьыбла Мықәԥҳа, Кристина Цымцԥҳа, Саид Кокосқьериа, Алхас Ферзба.

"Мариа Стиуарт" Аԥсуа театр асценаҿы

Ақәыргыламҭа арежиссиор — Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәынԥҳа.

"Санстудентыз инаркны "Мариа Стиуарт" алкааны исыман. Иааит аамҭа Аԥсуа театри сареи уи аус адулара ҳаназыхиоу", — ҳәа азгәалҭеит Аргәынԥҳа.

Аспектакль ҿыц аус адырулон ҳазҭоу ашықәс жәабранмза аахыс.

Адунеи аҿы аҳәса рпиесақәа маҷуп, убри аҟнытә, ари аматериал аҭҵаара даара аинтерес аҵоуп ҳәа азгәалҭеит арежиссиор.

Апиеса аҟазаратә интерес — ззинқәа еиҟароу ҩ-хаҭарак реиҿаргылара: адунеи зегьы аҿы еицырдыруа аҳәса – Англиа аҳкәажә Елизаветеи ауадаҩрақәа ирыхҟьаны Англиа аҳра зауз Шотландиа аҳкәажә Мариа Стиуарти

Ақәыргыламҭа иалоуп фҩык актиорцәа.

Фридрих Шиллер ипиеса аԥсшәахь еиҭеигеит Иасон Ҷоҷуа.

Аспектакль ахәаԥшцәа азҿлымҳара ду арҭеит- аԥсуа театр аҿы иҭацәыз аҭыԥқәа рацәамызт.

"Мариа Стиуарт" анаҩс иахьа асааҭ 19:00 рзы идырбахоит.