Нижни Новгороднтәи сынтәатәи раԥхьатәи ареис Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит
19:01 30.05.2026 (ирҿыцуп: 19:27 30.05.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
АҞӘА, лаҵара 30 — Sputnik. Нижни Новгороднтәи сынтәатәи раԥхьатәи ареис Аҟәатәи аҳаирбаӷәазаҿы итәеит.
Апассаџьырцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп Нижегородтәи акамертә хор аколлектив, урҭ иахьа аԥснытәи атеатр аҿы Аԥсны аҳәынҭқарратә хортә капеллеи дареи аконцерт еицымҩаԥыргоит.
Аԥыррақәа мҩаԥнагалоит аҳаиреилахәыра NordWind аҳаиреилахәыра "Икар" аус ацурала мчыбжьык ахь знык — сабшала. Апассаџьырцәа рымҩангаразы рхы иадырхәоит 110 ҭыԥ зкуа аҳаирпланқәа Embraer 190. Амҩа иқәхоит — 3 сааҭки 40 минуҭи.
Аԥырра аихшанҵа (аҭыԥантәи аамҭа):
▫Нижни Новгородынтәи Аҟәаҟа ишьҭыԥраауеит асааҭ 10:40 рзы, итәоит — асааҭ 14:10 рзы,
▫Аҟәантәи Нижни Новгородҟа ишьҭыԥраауеит асааҭ 14:50 рзы, итәоит асааҭ 17:30 рзы.
Иахьатәи аамҭазы Аҟәантәи ишиашоу аҳаирпланқәа ԥыруеит Москваҟа, Уфаҟа, Ханты-Мансиискҟа. Хара имгакәа аҳаирбаӷәаза ахырхарҭа ҿыцқәа рыла ихарҭәаахоит: рашәара 3 инаркны Минводы рахь ареисқәа аатуеит, рашәара 10 инаркны — Калугаҟа.