Амшцәгьа иҵнаӡәӡәааз х-цҳак рахьтә ҩба еиҭашьақәдыргылахьеит Чхәарҭал
14:09 02.06.2026 (ирҿыцуп: 14:45 02.06.2026)

Анапаҵаҩра
Лаҵарамза 25 рзы иҟаз ақәоурақәа ирыхҟьаны Аԥсны араионқәа зегьы ааха ӷәӷәа роуит, лымкаала Тҟәарчал араион.
АҞӘА, рашәара 2 — Sputnik. Амшцәгьа иҵнаӡәӡәааз х-цҳак рахьтә ҩба еиҭашьақәдыргылахьеит Тҟәарчал араион Чхәарҭал ақыҭан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Асҭамыр Зарқәуа.
Иара иҳәеит ахԥатәи ацҳа арҽеира ишалаго аԥшаҳәақәа ирҭыҵыз аӡиас аӡыршьҭра аныдрыцқьалак ашьҭахь. Уи даҽа ҩымчыбжь инарзынаԥшуа иаҭаххоит, аха ауааԥсыра машьынала аныҟәаразы алшара роухьеит.
Зарқәуа иҳәеит ааха зауз аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара шрыҭаз, агуманитартә цхыраарагьы уахь иналаҵаны.
Макьаназы зыҩнқәеи зыдгьылҭыԥқәеи аӡхыҵра иахҟьаны ааха зауз атәылауаа рҟынтәи азыҳәақәа хәба роухьеит. Зынӡа ақыҭаҿы иҟоуп 360 ҩны, урҭ рахьынтә 220-230 ауаа зху ҩнқәоуп.