https://sputnik-abkhazia.info/20260602/1063438130.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы асқьала аиҭашьақәыргылара ахыркәшара азыԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәын 1 азы.Аусурақәа еицымҩаԥыргалоит аамҭак ала еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы, аҿҳәара... 02.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-02T18:01+0300
2026-06-02T18:01+0300
2026-06-02T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/02/1063437964_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_170f9fbdb29e3de5beef33acd2ca7e9f.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы асқьала аиҭашьақәыргылара ахыркәшара азыԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәын 1 азы.Аусурақәа еицымҩаԥыргалоит аамҭак ала еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы, аҿҳәара иахьӡарц азы ҳәа еиҭеиҳәеит анардадаратә еиҿкаара адиректор хада Андреи Бешенцев.Ахарџьнҵатә документациа аздырхиоит рашәара 25 рзы."Ԥхынгәы 1 инаркны нанҳәамза аҽеиҩшамҭанӡа асқьала ацәынха инагӡаны ақәгара ахыркәшара ҳгәы иҭоуп. Нанҳәа 1 азы аибыҭара иалагарц азы раԥхьатәи ашьаҟа-кәыршақәа роура ҳазыԥшуп ", ҳәа азгәеиҭеит иара.
Амшцәгьа иҵнаӡәӡәааз х-цҳак рахьтә ҩба еиҭашьақәдыргылахьеит Тҟәарчал араион Чхуарҭал ақыҭан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Асҭамыр Зарқәуа.Иара иҳәеит ахԥатәи ацҳа арҽеира ишалаго аԥшаҳәақәа ирҭыҵыз аӡиас аӡыршьҭра аныдрыцқьалак ашьҭахь. Уи даҽа ҩымчыбжь инарзынаԥшуа иаҭаххоит, аха ауааԥсыра машьынала аныҟәаразы алшара роухьеит.Зарқәуа иҳәеит ааха зауз аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара шрыҭаз, агуманитартә цхыраарагьы уахь иналаҵаны.Макьаназы зыҩнқәеи зыдгьылҭыԥқәеи аӡхыҵра иахҟьаны ааха зауз атәылауаа рҟынтәи азыҳәақәа хәба роухьеит. Зынӡа ақыҭаҿы иҟоуп 360 ҩны, урҭ рахьынтә 220-230 ауаа зху ҩнқәоуп.
Сынтәа Гагра араион аҿы 379-ҩык аушьҭымҭацәа ыҟоуп, урҭ рахьынтә аӡәы далгоит хьтәы медалла. Актәи акласс ахь зшьаҿа еихызго макьана 224-ҩык ыҟоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.Лара иазгәалҭеит иахьа араион аҟны аушьҭымҭацәа раԥхьатәи аԥышәара шрымаз, агәыӷрагь аалырԥшит дара зегьы иманшәалан рԥышәарақәа ирхысп ҳәа.Иара убасгьы дазааҭгылеит Гагра араион аҟнытә аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа" иаиааиз 16-ҩык Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ишахыԥхьаӡалоу. Ажьиԥҳа илҳәеит иааиуа аҵарашықәс ҿыц алагамҭаз Гагра араионаҿ х-хәыҷбаҳчак русура шхацыркхо.
Гәылрыԥшь араион аӡы аанкылахоит рашәара 3 ҵхыбжьон инаркны макьаназ еилкаам аамҭаҟынӡа. Уи мзызны иамоуп Ӡыгәҭа ақыҭан иҟоу аӡыҭгагатә станциа хадаҿы иарбаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ҳәа аанацҳауеит аҭыԥантәи ахадара.Ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵоит заанаҵы аӡқәа езыркарц. Аӡы аноурышьҭуазы инацҵаны адырра ҟаҵахоит.
Афымцацәаҳәа "Аҽгәара" уаҵәы сааҭк идырцәоит.Алашара дырцәоит асааҭ 06:00 инаркны 07:00 рҟынӡа имҩаԥсыуа аиҭашьақәыргылартә усурақәа инарымаданы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҿы асқьала аиҭашьақәыргылара ахыркәшара азыԥхьагәаҭоуп ԥхынҷкәын 1 азы.Аусурақәа еицымҩаԥыргалоит аамҭак ала еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы, аҿҳәара иахьӡарц азы ҳәа еиҭеиҳәеит анардадаратә еиҿкаара адиректор хада Андреи Бешенцев.Ахарџьнҵатә документациа аздырхиоит рашәара 25 рзы."Ԥхынгәы 1 инаркны нанҳәамза аҽеиҩшамҭанӡа асқьала ацәынха инагӡаны ақәгара ахыркәшара ҳгәы иҭоуп. Нанҳәа 1 азы аибыҭара иалагарц азы раԥхьатәи ашьаҟа-кәыршақәа роура ҳазыԥшуп ", ҳәа азгәеиҭеит иара. Амшцәгьа иҵнаӡәӡәааз х-цҳак рахьтә ҩба еиҭашьақәдыргылахьеит Тҟәарчал араион Чхуарҭал ақыҭан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Асҭамыр Зарқәуа.Иара иҳәеит ахԥатәи ацҳа арҽеира ишалаго аԥшаҳәақәа ирҭыҵыз аӡиас аӡыршьҭра аныдрыцқьалак ашьҭахь. Уи даҽа ҩымчыбжь инарзынаԥшуа иаҭаххоит, аха ауааԥсыра машьынала аныҟәаразы алшара роухьеит.Зарқәуа иҳәеит ааха зауз аҳәынҭқарра аҟынтәи ацхыраара шрыҭаз, агуманитартә цхыраарагьы уахь иналаҵаны.Макьаназы зыҩнқәеи зыдгьылҭыԥқәеи аӡхыҵра иахҟьаны ааха зауз атәылауаа рҟынтәи азыҳәақәа хәба роухьеит. Зынӡа ақыҭаҿы иҟоуп 360 ҩны, урҭ рахьынтә 220-230 ауаа зху ҩнқәоуп. Сынтәа Гагра араион аҿы 379-ҩык аушьҭымҭацәа ыҟоуп, урҭ рахьынтә аӡәы далгоит хьтәы медалла. Актәи акласс ахь зшьаҿа еихызго макьана 224-ҩык ыҟоуп ҳәа арадио Sputnik иазеиҭалҳәеит араион аҵара аҟәша аиҳабы Мадина Ажьиԥҳа.Лара иазгәалҭеит иахьа араион аҟны аушьҭымҭацәа раԥхьатәи аԥышәара шрымаз, агәыӷрагь аалырԥшит дара зегьы иманшәалан рԥышәарақәа ирхысп ҳәа.Иара убасгьы дазааҭгылеит Гагра араион аҟнытә аолимпиада "Аҳаракырахь амҩа" иаиааиз 16-ҩык Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ишахыԥхьаӡалоу. Ажьиԥҳа илҳәеит иааиуа аҵарашықәс ҿыц алагамҭаз Гагра араионаҿ х-хәыҷбаҳчак русура шхацыркхо. Гәылрыԥшь араион аӡы аанкылахоит рашәара 3 ҵхыбжьон инаркны макьаназ еилкаам аамҭаҟынӡа. Уи мзызны иамоуп Ӡыгәҭа ақыҭан иҟоу аӡыҭгагатә станциа хадаҿы иарбаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ҳәа аанацҳауеит аҭыԥантәи ахадара.Ауааԥсыра рахь аҳәара ҟарҵоит заанаҵы аӡқәа езыркарц. Аӡы аноурышьҭуазы инацҵаны адырра ҟаҵахоит. Афымцацәаҳәа "Аҽгәара" уаҵәы сааҭк идырцәоит.Алашара дырцәоит асааҭ 06:00 инаркны 07:00 рҟынӡа имҩаԥсыуа аиҭашьақәыргылартә усурақәа инарымаданы ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/02/1063437964_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_34d4fc4d0073e21834d5cbd541379779.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио