Аҟәа ақалақь амш азгәарҭоит ԥхынгәы 5 рзы
17:41 03.06.2026 (ирҿыцуп: 18:29 03.06.2026)

© Sputnik / Акоп Кущян
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь амш есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза актәи асабшазы.
АҞӘА, рашәара 3 — Sputnik. Аҟәа ақалақь амш азгәарҭоит ԥхынгәы 5 рзы.
Ауснагӡатә амҽышахь ииаргеит сынтәа ԥхынгәымза актәи асабшазы Ҳабҩықә ашьхаҿы итәаз адесант ҭахеижьҭеи 33 шықәса аҵра ахьақәшәаз инамаданы.
Арыцхә аиагаразы аӡбамҭа рыдыркылеит Аҟәатәи Ақалақьтә Еизара адепутатцәа, аҳҭнықалақь ахада Ҭемыр Агрба иҟаиҵаз ажәалагала инақәыршәаны.
Аҟәа ақалақь амш есышықәса иазгәарҭоит ԥхынгәымза актәи асабшазы. 1993 шықәса ԥхынгәы 4 рзы Ҳабҩықә астратегиатә ҳаракыраҿы итәарц рҽазыршәеит.
25-ҩык аибашьцәа роуп атәара зылшаз. Амчқәа еиҟарамызт, аӷа амца ӷәӷәала ирыжәиҵо далагеит, аха ҳаҷкәынцәа ирылшеит уи дыԥхьацаны иҭыԥ аанкылара.
Ари ашьаарҵәыраҟны еиқәхеит 17-ҩык, урҭ рахьтә аӡәырҩы ахәра ӷәӷәақәа роуит.