Урыстәыла АдәАР ахҳәаа ҟанаҵеит Азовтәи амшын аҿы ҩ-ӷбак рыжәлара инамаданы
16:04 05.06.2026 (ирҿыцуп: 16:15 05.06.2026)

© Sputnik / Максим Блинов
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 5 — Sputnik. Ҭырқәтәылантәи Ростов-Донтәи ақалақь ахь ицоз аӷбақәа "Натра", "Циркон" Азовтәи амшын аҿы ирыжәлеит.
Аӷбақәа Белизи Палауи рбираҟқәа ирыҵагыланы ицон, аҩбагьы рҿы иҟоуп иҭахази ихәуи – Азербаиџьан атәылауаа назлоу. Ааха зауз амшынуаа ацхыраара рырҭеит ааигәа имҩасуаз урыстәылатәи аӷбеи Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә гәыԥи ҳәа лҳәеит Мариа Захарова.

"Иҟалаз шыҟалаз ҭырҵаауеит. Иҟоу адыррақәа рыла аӷбақәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыжәлеит, уи аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит киевтәи арежим атеррористтә ҵак шамоу, уи еиҳа- еиҳа хықәкқәас ишалнахуа аҭынч уааԥсыреи аграждантә инфраструктура ахыбрақәеи", — ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит Урыстәыла АдәАР а хаҭарнак ҷыда.
Захарова илҳәеит Урыстәыла азербаиџьантәи аколлегацәа ацхыраара шырнаҭо иҟалаз азы адыррақәа риураҿы.
Азербаиџьантәи амаҵзура Тренд адыррақәа рыла аӷба "Натра" аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ԥшьба ақәшәеит, "Циркон" ԥшь-дронк шаахаз азгәаҭоуп. Хәҩык ҭахеит. Зеиқәырхара алшаз амшынуаа Еиск абаӷәазахь инаргеит.