Путин: европатәи аелитақәа ахынҭаҩынҭара цәырыргоит атәыла ҿыцқәа уи иаларгалоит
17:07 05.06.2026 (ирҿыцуп: 17:38 05.06.2026)

© POOL
Анапаҵаҩра
Владимир Путин Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәараҿы дықәгылеит.
АҞӘА, рашәара 5 — Sputnik. Европатәи аелитақәа рхымҩаԥгашьала ахынҭаҩынҭара цәырыргоит, атәыла ҿыцқәа зегьы уи иаларгаларц иаҿуп ҳәа иҳәеит Владимир Путин Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум апленартә еилатәараҿы.
Иара иажәақәа рыла, адунеитә економика ааԥхьара дуқәа ирықәшәоит, аенергетикатә џьармыкьақәа рҿы ахынҭа-ҩынҭарақәеи адунеи еиуеиԥшым арегионқәа рҿы аибарххарақәа реизҳареи налаҵаны, аиҳарак Мрагылара Ааигәа.
Путин иазгәеиҭеит европатәи амчрақәа хара имхәыцуа рполитика "агрессиатә риторика шацу, адунеитә економикаҿы Европа апозициақәа ԥхьаҟатәи рцәыӡрахь ишкылнаго", арегионалтәи аглобалтәи шәарҭадара шыҵнашәаауа.
"Фактла, европатәи аелитақәа, еиҳа -еиҳа атәыла ҿыцқәа зларгаларц иаҿу хылагәыла аилазаара еиҿыркаауеит", — ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылатәи аԥыза.