Аҟәа аԥшаҳәаҿы аныҟәарҭақәа, амаланыҟәамҩақәа, атәарҭақәа ҟалоит
18:20 05.06.2026 (ирҿыцуп: 21:16 05.06.2026)

© Sputnik / Томас Тхайцук
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 5 — Sputnik.Башкортосҭан еиҭашьақәнаргыло Аҟәа аԥшаҳәахәҭа ҭыԥ-ҭыԥла ишахоит, амра ахьыҟоу, ашәшьыра ахьыҟоу аныҟәарҭақәа, амаланыҟәамҩақәа рыла.
Аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба ишиҳәаз ала, аусурақәа рыҿҳәара еиҭакын адгьыл аҵаҟатәи акоммуникациақәа риагара иахҟьаны, уи иалнаршеит зыхә ҳараку акыршықәсатәи аҵлақәа реиқәырхара.
Аҳҭнықалақь ахада ихаҭыԥуаҩ Константин Ҭарба ишиҳәаз ала, аусурақәа рыҿҳәара еиҭакын адгьыл аҵаҟатәи акоммуникациақәа риагара иахҟьаны, уи иалнаршеит зыхә ҳараку акыршықәсатәи аҵлақәа реиқәырхара.
"Ашәшьыра ахьыҟоу аԥшахьырсырҭаҿы хыԥхьаӡара рацәала хәызмоу, акыршықәса зхыҵуа аҵлақәа гылоуп. Аҵиаа иаҵәақәа реиқәырхаразы иҵәахыз адгьыл аҵаҟатәи акоммуникациақәа зегьы амра ахьыҟоу аныҟәарҭақәа рҵакырахь ииаган", — ҳәа азгәеиҭеит иара.
Иахьазы ахаҳәҟьаԥс ашьҭаҵаразы абетонтә-ҵа азырхиоуп, ацәқәырԥанкылага гранитла ачаԥара иаҿуп. Еиҿыркаауа аҭыԥ зеиԥшла километрак еиҳауп.
Апроект аҩбатәи ахәҭа аҳәаақәа ирҭагӡаны иазԥхьагәаҭоуп 60 нызқь инареиҳаны аҵиаақәа реиҭаҳара. Аиҭаҳатәқәа рсиа аботаникцәеи аландшафттә дизаинерцәеи злахәу ариаҵәаразы ақалақьтә комиссиа еиқәнаршәеит ҳәа иҳәеит Ҭарба.