Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟынтәи ахәыҷқәеи АОҶ алахәылацәа рҭаацәеи рзы алагер аатит Аҟәа
20:44 05.06.2026 (ирҿыцуп: 21:40 05.06.2026)

© Sputnik / Константин Михальчевский
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 5 — Sputnik. Урыстәыла арегион ҿыцқәа рҟынтәи ахәыҷқәеи АОҶ алахәылацәа рҭаацәеи рзы "Уаҵәашьҭахь" захьӡу агуманитартә проекттә лагер аатит Аҟәа.
Аартра аҳаҭыраз алахәылацәа арҿиаратә қәгыларақәеи аконцерттә номерқәеи еиқәдыршәеит.
Аусмҩаԥгатә иалахәын Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы азинмчы змоу Мактина Џьынџьалԥҳа, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Маиа Цыбулевскаиа, Аҟәа ахада ихаҭыԥуаҩ Автандил Сурманиӡе, егьырҭ аиҳабыра рлахәылацәа.
Апроект нарыгӡеит агәыҳалалратә фонд "Атәыла ахәыҷқәа рзы" Аԥсны аиҳабыреи, апрофильтә министррақәеи аусбарҭақәеи иара убас Аҟәеи Гагра араитони рнапхгаҩцәеи рыцхыраарала.
Алагер ыҟоуп ԥхынгәы 14 рҟынӡа. Апрограммаҿы иҟоуп апсихологиатә цхыраара, аспорттәи аҟазаратәи аусмҩаԥгатәқәа, аекскурсиақәа, акультуратә усмҩаԥгатәқәа.