00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
Новости 14.00
Главные темы
14:05
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:36
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
08:00
30 мин
08:30
31 мин
On air
13:00
30 мин
On air
13:30
31 мин
On air
18:00
31 мин
On air
18:30
31 мин
On air
21:00
31 мин
On air
21:30
31 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Аԥсуара аныҟәгара

© telegram sputnik_apsny_infoАԥсуара аныҟәгара
Аԥсуара аныҟәгара - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.06.2026
Анапаҵаҩра

Аԥсуара аныҟәгара

Ҳаибашьра аан ауп. Аҷандара ақыҭан ашьхарԥы аҵаҟа инхоз анхаҩ нага иҩнаҭа иатәыз аҷкәынцәа аҩыџьагьы рани раби ааныжьны еибашьра ицеит. Абар уажәшьҭа мызкы ҵуеит аҷкәынцәа рхабар ҟамлацызт. Аибашьра ашыкьымҭа иҭагылоуп, аха ашьхарԥы аҵаҟа есымшагьы ажәабжь уаҳауам, иҭахаз, ихәу, аиааира ахьгоу, аиҵахара ахьыҟоу... аибашьра цоит... ауаа ҭахоит.

Ус ашҭа иааҭалоит машьына хәыҷык. Ан лыбла ҭхаха иааиз амашьынахь дшыԥшуаз, уи иааҭыҵит лыҷкәын аиҳабы, нас даҽа хҩык иҩызцәа. Урҭ ааит ӡык рықәырҭәарц, рҽааиҭаркырц, шәыр-қәырк, фатәы-жәтәык роургьы иргашт.

Ани аби гәырӷьаран ирымаз. Аӡқәа рыздыршит аибашьцәа рҽыркәабарц, абысҭа рзыруит ԥхак рҿарҵарц. Ицон аилыхара, зегьы акака ирҿын, иааизгьы аҩны иҟазгьы... Арҭ уажәшьҭа амҩа иқәлартә аҟара русқәа ааргахьан, даҽа машьынакгьы агәашә иаалагылт — араҟа дааҭыҵит аҷкәын еиҵбы. Иааишьагьы дыззаазгьы зегьы аиҳабы иаашьа излеиԥшымыз акгьы ыҟамызт, ари ԥшьҩык ицын умҳәозар.

Ан дануп, ан дуаҩуп, аҳәса агәыԥшқара ԥсабарала ирзааигәоуп. Ан лыҷкәынцәа аҩыџьагьы анеидылбала, шәааи лҳәан, уадак иныҩнагаланы дрыҳәоит:

— Арӡынба излеиҳәаз ала, аҩнаҭаҿы аӡәы ида ахьыҟам аҷкәынцәа еибашьра ишәмышьҭын иҳәеит. Азин ыҟоуп аӡәы шәаагылар. Сара сзеиԥшроу жәбоит, шәаб дажәит, акы ааҳахьыр анышә ҳамаздо... аӡәы шәаҳхагыламкәа... ҳагәнаҳауп, аӡәы шәаагыл, — лҳәеит длаӷырӡышо.

— Уара Канбеи, илҳәо уаҳауеит... иҟаҳҵои? — иҳәеит аиҳабы, аиҵбы ишҟа даахьаԥшын.

— Уара узҿу уаҿыз, шәарҭмаҟқәагьы акы нҭашәҵа-ааҭашәҵа, уи илҳәо сара избап, — иҳәан, уи аус ихахьы иго даацәажәеит аиҵбы.

— Сан, ҳара ҳааицәажәан, ибҳәаз ҳазхәыцит, ибзиангьы беилаҳкааит, аха иаҳзымыӡбыз уск ҟалеит, убри азы сбызҵаауеит. Ҳауа аибашьра ибышьҭуада, ҳауа аҩны иаангылода? — иҳәеит.

Лыла ҭраа диҿаԥшуан ан лыҷкәын, илҳәо лҿамшәо, нас лхы аамылхын ус лҳәеит.

— Шәан дшәыкәыхшоуп, саргьы шәеилыскааит ибзианы. Сара ахшыҩца шәсырԥхашьазар ҟалап сыҷкәынцәа. Нан, шәҩызцәа рҿы шәхы шәмырԥхашьан, хьымӡӷы анцәа ишәимыргааит. Иауазар, аиааира шәыманы шәгьежьааит, ҳара шәаҳтәызар шәаап. Шәҩызцәагьы шәаргьы анцәа дышәхылаԥшааит, Аԥсны еиқәшәырхо амч шәоуааит! Шәца, нан, шәца. Сара аҭакәажә шәзырԥхашьо акы сҳәазар саҭашәымҵан, шәан соуми... — лҳәан, лԥыраҳәала лылабжышқәа аалрыцқьан, лыҷкәынцәа амҩа рзаалыртит абџьармца ахьыҭҟьоз ахь.

Шьурбеи Царгәыш ишәҟәы "Ааӡара ажәлартәра" аҟынтә

Ахьыуардын шәақәтәа

Ажәабжьқәа зегьы
0