Аслан Чачаа апроект "Жәлар рсцена – Лабҿаба" ашәаҳәаратә хәҭа аҿы аиааира игеит.
14:06 07.06.2026 (ирҿыцуп: 19:57 07.06.2026)

© Foto / Video screenshot
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 7— Sputnik. Аслан Чачаа апроект "Жәлар рсцена – Лабҿаба" ашәаҳәаратә хәҭа аҿы аиааира игеит.
Иара Урыстәыла ихатәы ашәа аниҵоит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект автор, анапхгаҩы Ҭеимраз Ҭаниа.
Ҭаниа иажәақәа рыла, ахәыҷтәы еицлабра аҟны аиааира лгеит Натина Кәакәасқьырҧҳа, лара ашоу "Голос. Дети" далахәхоит, уи абзоурахеит Актәи аканали апродиусертә центр "Интеграциеи" ацхыраара иабзоураны.
"Ҳара хықәкыс иҳамоуп урҭ артистцәаҵәҟьа рылхра", – ҳәа азгәеиҭеит апроект автор.
Ҭеимраз Ҭаниа иҳәеит аицлабра аҿы ахырхарҭақәа шыҟаз, ашәаҳәара адагьы ахореографиа, апоезиа, аинструменталтә музыка.
Досу рҿы аиааира згаз ыҟан, аха арҭ ахырхарҭақәа зегьы рыла амедиатә еицлабрақәа ыҟаӡам. Убри инамаданы афестиваль аиҿкааҩцәеи, арҵаҩцәеи, апартниорцәеи аиааира згаз рзы ианаало урыстәылатәи афестиваль иалыхәхоит.
Аҩбатәи асезон аус адулара иаҿуп. Акастинг иалагоит рашәара 19 рзы, аҩбатәи алшара рыдгалахоит актәи асезон иалахәыз.
Раԥхьатәи аҳасабырбатә концерт азгәаҭоуп ԥхынгәы 10 рзы. Иара мҩаԥыслоит ателехәаԥшратә версиа аформат ала.