Аԥсни Башкортосҭани аинклиузивтә туризм аусхк аҟны аус еицырулоит
08:51 08.06.2026 (ирҿыцуп: 10:38 08.06.2026)

© Foto / пресс-служба Администрации президента Абхазии
Анапаҵаҩра
Аԥсны аинклузивтә туризм ассоциациа анапхгаҩы Руслана Гьергьедааԥҳа Уфа даҭааит Башкортостан Ауаажәларратә палата ахантәаҩы Елина Гатауллина иҟалҵаз ааԥхьарала.
АҞӘА, рашәара 8— Sputnik. Аԥсни Башкортосҭани аинклиузивтә туризм аусхк аҟны аус еицырулоит.
Аусеицуразы агәҭакқәеи агранттә проектқәеи ирылацәажәеит башкириатәи афонд "Мархамат" аиҳаби Аԥсны аинклиузивтә туризм ассоциациа анапхгаҩы Руслана Гьергьедааи.

Арадио Sputnik аефир аҟны лара еиҭалҳәеит, афонд ахатәы хәыҷтәы лагер шамоу, ареспубликаҟынтәи ахәыҷқәа уахь рышьҭразы алшара ыҟоуп.
Гьергьедаа лажәақәа рыла, Аҟәеи Уфеи рыбжьара ишьақәгылаз ишиашоу аҳаиреимадара, ас еиԥш иҟоу аԥшьгарақәа ирызхьаԥшыр алшоит.
Аусеицуразы даҽа лшарак — ԥхынгәы 8-13 рзы имҩаԥысраны иҟоу аспорт-туристтә инклиузивтә фестиваль "Туриада — Иуриузань 2026" аԥснытәи акоманда алахәхоит. Акоманда аԥҵара инапы алакуп Аԥсны апаралимпиатә еилакы аиҳабы Леон Ҵәыџьба.
Гьергьедаа лгәаанагарала, арҭ аицлабрақәа ареспубликақәа рыбжьара аусеицуразы акырӡа аҵанакуеит.