Гәынба: Аԥсны Урыстәылаҟа иаланагало ажьынҵәры аизырҳара азгәаҭоуп
16:07 08.06.2026 (ирҿыцуп: 17:39 08.06.2026)

© Sputnik / Марианна Кубрава
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩатә усхкы ахь иалагалоу аинвестициақәа рхыԥхьаӡара сынтәа арекордтә ҩаӡара аҟынӡа инаӡеит – миллиардбжак инаӡеит.
АҞӘА, рашәара 8— Sputnik. Аԥсны Урыстәылаҟа иаланагало ажьынҵәры (голубика-аред.) аизырҳара азгәаҭоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны ахада Бадра Гәынба.
Иара иазгәеиҭеит атәылаҿы ақыҭанхамҩа аарыхра амҽхак ишацло. Урыстәылаҟа аалыҵ аҳәаа иахызго аԥсуа мандаринақәа рыдагьы, акультура ҿыцқәагьы ирызҿлымҳауп, урҭ аҭахрақәа "даара аҽарҭбаауеит".
"Аԥсны ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа Урыстәыла аҵакыра ахьынӡанаӡааӡо ицәыргоуп уҳәар алшоит. Аиҳарак урҭ ацитрустә шәырқәа роуп, аха ицәырҵуеит урыстәылаауаа азҿлымҳара ду зырҭо акультура ҿыцқәа — ажьынҵәры еиԥш иҟоу", — иҳәеит Гәынба РИА Новости аинтервиу аҭо, Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҟны.