Урыстәыла АдәАР: Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадараз амчқәа арӷәӷәа хымԥадатәиуп
17:08 08.06.2026 (ирҿыцуп: 17:46 08.06.2026)

© Sputnik / Наталья Селиверстова
Анапаҵаҩра
Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Женеватәи аиҿцәажәарақәа 67-тәи рраунд мҩаԥысуеит рашәарамза 30 — ԥхынгәымза 1 рзы.
АҞӘА, рашәара 8— Sputnik. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиҿкааразы амчқәа арӷәӷәа хымԥадатәиуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы.
Аминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит.
Москва иҷыдоу ахшыҩзышьҭра аҭатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа, урҭ ирхыԥхьаӡалоуп Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы азинтә хәдықәҵара адкылара, Қырҭтәылеи-Аԥсни, Қырҭтәылеи-Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рделимитациа апроцесси анаҩс рдемаркациеи иаламгакәа ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.