https://sputnik-abkhazia.info/20260608/1063556442.html
Ихадоу атемақәа
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиҿкааразы амчқәа арӷәӷәа хымԥадатәиуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы. Аминистр ихаҭыԥуаҩ... 08.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-08T18:01+0300
2026-06-08T18:01+0300
2026-06-08T18:11+0300
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/08/1063556276_0:3:1036:586_1920x0_80_0_0_5840bfe5636c04446e43781529e19417.jpg
Ихадоу атемақәа
Sputnik Аҧсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиҿкааразы амчқәа арӷәӷәа хымԥадатәиуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы. Аминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит. Москва иҷыдоу ахшыҩзышьҭра аҭатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа, урҭ ирхыԥхьаӡалоуп Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы азинтә хәдықәҵара адкылара, Қырҭтәылеи-Аԥсни, Қырҭтәылеи-Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рделимитациа апроцесси анаҩс рдемаркациеи иаламгакәа ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы.
"Амшынеиқәафымцамч" амобилтә цҵа аусура иалагоит Гагра уаҵәы нахыс. Уи ахархәарала афымцалашара онлаин ахә ахшәаара алшоит инаауҭаххалакгьы, акассақәа рҭаарада, иара убас афымцамч ахархәара ахылаԥшра ауҭар алшоит. Ацҵа рхы иадырхәоит Аҟәа, Аҟәа араион, Гәдоуҭа инхо 10 196-ҩык ауааԥсыра. Ацҵа аусура ианалага жәабран 16 инаркны, уи ахархәарала — 19,3 млн мааҭ ршәеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы.
"Жәлар рсцена — Лабҿаба" аноминациақәа зегьы рҿы аиааира згаз алкаан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект аԥҵаҩы Ҭеимураз Ҭаниа. Иреиӷьу амузыкатә инструментқәа арҳәаҩы ҳәа далкаан Михаил Гьергьедаа. "Апоезиа" аноминациаҿы — Мила Кациаԥҳа. Акәашараҿы аиааира ргеит ахкынагӡаҩы — Анна Тапаӷәуаԥҳаи, иара убас Аҟәатәи актәи ахәыҷтәы ҟазаратә школи. Афестиваль аиҿкааҩцәеи, арҵаҩцәеи, апартниорцәеи аиааира згаз ирышьашәало урыстәылатәи афестивальқәа рзалыркаауеит.
Ашьапылампылтә клубқәа "Аԥсни" "Lit Energy-и" рыхәмарра амчыбжь иреиӷьу ахҭысқәа жәаба ирхыԥхьаӡалоуп. Акомандақәа рзы ахәмарра уадаҩын. Ахәмарра раԥхьатәи ампыл пенальти ала иҭаиршәит "Аԥсны" ашьапылампыласҩы Владислав Пантелеев. Ԥыҭраамҭак аԥсуа спортсменцәа ирылшеит аԥыжәара ахьчара, аха аматч ахыркәшара маҷк шагыз "Lit Energy" ампыл ҟаԥшь агеит, уи ала иҭаршәу ҩ-мпылкны иԥхьаӡоуп. Анаҩс, пенальти аҿгьы ампыл ҭадыршәит.
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ршәарҭадара аиҿкааразы амчқәа арӷәӷәа хымԥадатәиуп ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы. Аминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузин Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа дырԥылеит. Москва иҷыдоу ахшыҩзышьҭра аҭатәуп ҳәа ирыԥхьаӡоит ашәарҭадаратә уснагӡатәқәа, урҭ ирхыԥхьаӡалоуп Қырҭтәыла амч ахамырхәаразы азинтә хәдықәҵара адкылара, Қырҭтәылеи-Аԥсни, Қырҭтәылеи-Аахыҵ Уаԥстәылатәи аҳәынҭқарратә ҳәаақәа рделимитациа апроцесси анаҩс рдемаркациеи иаламгакәа ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҿы. "Амшынеиқәафымцамч" амобилтә цҵа аусура иалагоит Гагра уаҵәы нахыс. Уи ахархәарала афымцалашара онлаин ахә ахшәаара алшоит инаауҭаххалакгьы, акассақәа рҭаарада, иара убас афымцамч ахархәара ахылаԥшра ауҭар алшоит. Ацҵа рхы иадырхәоит Аҟәа, Аҟәа араион, Гәдоуҭа инхо 10 196-ҩык ауааԥсыра. Ацҵа аусура ианалага жәабран 16 инаркны, уи ахархәарала — 19,3 млн мааҭ ршәеит ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" аҿы."Жәлар рсцена — Лабҿаба" аноминациақәа зегьы рҿы аиааира згаз алкаан ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит апроект аԥҵаҩы Ҭеимураз Ҭаниа. Иреиӷьу амузыкатә инструментқәа арҳәаҩы ҳәа далкаан Михаил Гьергьедаа. "Апоезиа" аноминациаҿы — Мила Кациаԥҳа. Акәашараҿы аиааира ргеит ахкынагӡаҩы — Анна Тапаӷәуаԥҳаи, иара убас Аҟәатәи актәи ахәыҷтәы ҟазаратә школи. Афестиваль аиҿкааҩцәеи, арҵаҩцәеи, апартниорцәеи аиааира згаз ирышьашәало урыстәылатәи афестивальқәа рзалыркаауеит.Ашьапылампылтә клубқәа "Аԥсни" "Lit Energy-и" рыхәмарра амчыбжь иреиӷьу ахҭысқәа жәаба ирхыԥхьаӡалоуп. Акомандақәа рзы ахәмарра уадаҩын. Ахәмарра раԥхьатәи ампыл пенальти ала иҭаиршәит "Аԥсны" ашьапылампыласҩы Владислав Пантелеев. Ԥыҭраамҭак аԥсуа спортсменцәа ирылшеит аԥыжәара ахьчара, аха аматч ахыркәшара маҷк шагыз "Lit Energy" ампыл ҟаԥшь агеит, уи ала иҭаршәу ҩ-мпылкны иԥхьаӡоуп. Анаҩс, пенальти аҿгьы ампыл ҭадыршәит.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07ea/06/08/1063556276_126:0:910:588_1920x0_80_0_0_293372e82354db0f1b29699022219df2.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
аудио