https://sputnik-abkhazia.info/20260609/1063572783.html
Аԥсны амшын қәыԥшылараҿы ачымазара цәырызго абактериақәеи авирусқәеи ԥшааӡам
Аԥсны амшын қәыԥшылараҿы ачымазара цәырызго абактериақәеи авирусқәеи ԥшааӡам
Sputnik Аҧсны
АҞӘА, рашәара 9 — Sputnik. Аԥсны амшын қәыԥшылараҿы ачымазара цәырызго абактериақәеи авирусқәеи ԥшааӡам.Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева... 09.06.2026, Sputnik Аҧсны
2026-06-09T15:35+0300
2026-06-09T15:35+0300
2026-06-09T15:52+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аԥсны
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0b/1057463295_0:108:3255:1939_1920x0_80_0_0_1de0584384f57d0193d4cd11e7faa204.jpg
АҞӘА, рашәара 9 — Sputnik. Аԥсны амшын қәыԥшылараҿы ачымазара цәырызго абактериақәеи авирусқәеи ԥшааӡам.Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева лажәақәа рыла, аҟазацәа аӡы асапрофиттә микроҵиаа ыҟоу-иҟаму азы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Урҭ ыҟазар рхыԥхьаӡарала апатогентә микроорганизмқәа рыҟазаара еилыркаауеит.Лара иазгәалҭеит, аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны, абактериологиатә ҭҵаарақәа рыдагьы, ПЦР ахархәарала авирусологиатә гәаҭарагьы шымҩаԥырго. Уи аамҭа иалагӡаны ҩынтә мацара — цәыббрамза аӡҭалара аамҭа ахыркәшаразы, рхыԥхьаӡара рацәамкәа авирусқәа иԥшаан: знык астровирус, даҽа знык — ротавирус ҳәа изышьҭоу.Ҩынтәны агәаҭараан урҭ ԥшаамызт лҳәеит аҟаза.
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2026
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e9/09/0b/1057463295_263:0:2992:2047_1920x0_80_0_0_e8d24c26ddd29be8049e17be2dc00a2e.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аԥсны
Аԥсны амшын қәыԥшылараҿы ачымазара цәырызго абактериақәеи авирусқәеи ԥшааӡам
15:35 09.06.2026 (ирҿыцуп: 15:52 09.06.2026) АҞӘА, рашәара 9 — Sputnik. Аԥсны амшын қәыԥшылараҿы ачымазара цәырызго абактериақәеи авирусқәеи ԥшааӡам.
Ареспублика асанитартә ҳақьым хада Алла Белиаева лажәақәа рыла, аҟазацәа аӡы асапрофиттә микроҵиаа ыҟоу-иҟаму азы агәаҭарақәа мҩаԥыргоит. Урҭ ыҟазар рхыԥхьаӡарала апатогентә микроорганизмқәа рыҟазаара еилыркаауеит.
"Сара 20 шықәса инареиҳаны сусура иалагӡаны амшынӡы аҟынтәи апатогентә, ҷыдала ачымазарақәа зырҿио амикроорганизм ҳаԥшааны иҟамлац", — ҳәа лҳәеит Белиаева Аԥсуа телехәаԥшра иалҭаз аинтервиу аҿы.
Лара иазгәалҭеит, аҵыхәтәантәи хышықәса ирылагӡаны, абактериологиатә ҭҵаарақәа рыдагьы, ПЦР ахархәарала авирусологиатә гәаҭарагьы шымҩаԥырго. Уи аамҭа иалагӡаны ҩынтә мацара — цәыббрамза аӡҭалара аамҭа ахыркәшаразы, рхыԥхьаӡара рацәамкәа авирусқәа иԥшаан: знык астровирус, даҽа знык — ротавирус ҳәа изышьҭоу.
Ҩынтәны агәаҭараан урҭ ԥшаамызт лҳәеит аҟаза.