"Фантасмагорцы" Москватәи КВН аицлабра "Абаҩхатәрақәа рлига" афиналбжа аҟынӡа инеит
11:47 10.06.2026 (ирҿыцуп: 12:13 10.06.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 10 — Sputnik. Аԥснытәи КВН акоманда "Фантасмагорцы" Москватәи иаарту акомандатә еицлабра "Абаҩхатәрақәа рлига" афиналбжа аҟынӡа инеит.
Ахәмаррақәа мҩаԥысуан ԥхынгәы 8-9 рзы, уи иалахәын Урыстәыла зегьи ИАР аҟынтәи 24 команда. Алафҳәаҩцәа рхы ԥыршәеит "Аԥсшәаҳәара", "Азҵаара-аҭак", "СТЭМ" аицлабрақәа рҿы.
"Фантасмагорцы" ықәгылеит москватәи аҿартә центр "Планета КВН" асценаҿы, 13,7 балл рыманы аицлабра афиналбжахь инеит.
Иара убас, "Фантасмагорцы" аиааира ргеит иреиӷьу адгыларатә гәыԥ аицлабраҿы, уи алагь реихшьаалатә лҵшәақәа даҽа 0,1 балл рзацлеит.