Аҟәа 15-тәи абжьаратә школ адәахьтәи аҭеиҭыԥш аиҭашьақәыргылара иалагеит
13:52 10.06.2026 (ирҿыцуп: 14:27 10.06.2026)

© Sputnik
Анапаҵаҩра
Аиҭашьақәыргыларазы аусура хацыркхеит ҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкеи рыцхыраарала.
АҞӘА, рашәара 10 — Sputnik. Аҟәа 15-тәи абжьаратә школ адәахьтәи аҭеиҭыԥш аиҭашьақәыргылара иалагеит.
Ашкол аиҳабы Асида Дбарԥҳа Sputnik ишазеиҭалҳәаз ала, ахыбра аиҭашьақәыргыларазы аӡбара рыдыркылеит ашкол ашҭаҿы аспорттә дәы шьақәзыргылоз "Росатом" аҟазацәа, ашкол адәахьтәи аҭагылазаашьа шҽеим азҿлымҳара анарҭа анаҩс.

"Аҳәынҭқарра ахада Бадра Гәынбеи Урыстәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкеи рыцхыраарала, ашкол адәахьтәи аҭеиҭыԥш аиҭашьақәыргыларазы аусура хацыркхеит", — ҳәа азгәалҭеит лара.
Адиректор лажәақәа рыла, ашкол ашҭа аиқәыршәара Аҟәа ахадара иадуп. Урҭ аусурақәа хацыркхоит адәахьтәи аҭеиҭыԥш аиҭашьақәыргылара анхыркәшахалак ашьҭахь.
Дбар иазгәалҭеит, аибашьрашьҭахьтәи аамҭа зегьы иалагӡаны ахыбраҿы шьаҭанкылатәи аиҭашьақәыргылара шымҩаԥырымгац. Аибашьра ҟалаанӡа араҟа амаҭәаӡахырҭа ыҟан, анаҩс, ашкол аартыхеит, аҭахра ду ахьыҟаз азы ҳәа лҳәеит лара.

Аргылаҩцәа агәрагара аадрыԥшит аҵарашықәс ҿыц алагаанӡа аусурақәа зегьы шыхдыркәшо.