Урыстәылатәи афильм "Адунеи абжьы ацәыӡуеит" аԥсуа ҟәша аҭыхрақәа хыркәшоуп
19:17 10.06.2026 (ирҿыцуп: 20:02 10.06.2026)

© Sputnik / Наталья Селиверстова
Анапаҵаҩра
АҞӘА, рашәара 10 — Sputnik. Гәдоуҭа адәыӷба ааҭгыларҭаҿы урыстәылатәи афильм "Адунеи абжьы ацәыӡуеит" аԥсуа ҟәша аҭыхрақәа хыркәшахеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Арежиссиор Дарина Фаизова лажәақәа рыла, агәыԥ аусура зегь реиҳа иуадаҩыз ахәҭа – Аԥсны аҭыхрала иалагеит, уи апроект алахәылацәа реиҳараҩык рзы раԥхьатәи еицырзеиԥшу експедицианы иҟалеит.
Фаизова иазгәалҭеит, Аԥсны аҭыхрақәа егьырҭ аҳәаанырцәтәи аҭыԥқәа раасҭа еиҳа ишманшәалаз, аԥсабаратә ҭагылазаашьа Гаваиа иаҿдырԥшны ишалархыз. Уи адагьы, аҭыԥантәи ауааԥсыра рысасдкылара азгәалҭеит.
Аҭыхрақәа мҩаԥысит Очамчыра, Аҟәа, Афон ҿыц, Ареспубликатә хәшәтәырҭа, Гагрантә Аҟәаҟа ицо амҩахәҭа. Аҭыхрақәа рхы аладырхәит аԥсуа актиорцәа Ҭемыр Ҭаниеи Руслан Шьакаиеи, апродиусерцәа дыруаӡәкуп Сельма Агрба.
Акиноҭыхрақәа хыркәшахоит Москва ақалақь аҿы ԥхынгәы 5 рзы. Афильм аӡыргара азгәаҭоуп сынтәа акинотеатрқәеи онлаин-платформақәеи рҿы.