Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа V Москватәи аџьазтә фестиваль иаҭааит
12:16 11.06.2026 (ирҿыцуп: 13:13 11.06.2026)

© telegram sputnik_apsny_info
Анапаҵаҩра
Афестиваль аҟны Аԥсны ахаҭарнакцәеи Москватәи акультура адепартамент иатәу Аҿар рхеилаки еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара азҵаарақәа иалацәажәеит, акраамҭатәи аусеицура аплан азгәарҭеит.
АҞӘА, рашәара 11 — Sputnik. Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа V Москватәи аџьазтә фестиваль иаҭааит.
Ацҳаражәҳәарҭа ахаҭарнакцәа афестиваль иаҭааит Жәларбжьаратәи аимадарақәа рыҿиареи аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи рҳәаақәа ирҭагӡаны, Ауаажәларратә дипломатиеи Москватәи акультура адепартамент иатәу Аҿар рхеилаки рыцхыраарала.
Аганқәа еицырзеиԥшу аусмҩаԥгатәқәа реиҿкаара азҵаарақәа иалацәажәеит, акраамҭатәи аусеицура аплан азгәарҭеит.
Москва "Эрмитаж" абаҳчаҿы имҩаԥысуаз афестиваль аҿы иқәгылеит Петра Дранги Бенди, аџьаз вокалист, жәынтә Гремми аԥхьахәгаҩ, апианист виртуоз Tierney Sutton (авокал) , Tamir Hendelman (апианино) (ЕАА). Агәыԥ аҿы иҟан Урыстәылатәи аџьазтә рҳәаҩцәа Iron Lips Brass Band.
"Акультуратә усеицура аиҩызара арӷәӷәареи атрадициақәа реимдареи рзы ихадоу мыругоуп, жәларбжьаратәи адиалог азы аиҭарҿиаратә атмосфера ашьақәгылара иацхраауеит", — ҳәа аҳәоит Аҳәынҭқарратә дипломатиеи ацентр аҳәамҭа аҟны.